Аҟәа иаадыртраны иҟоуп акардиохирургиа аҟәша

Аԥсны имҩаԥысуаз адиспансеризациа аихшьаалақәа мҩаԥган Гагра араион ахадараҿы.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 10– Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы иаадыртраны иҟоуп акардиохирургиа аҟәша, иҳәеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа.

"Урыстәыла ФМБА ахаҭарнакцәеи ҳареи активла ҳаиныруеит. Ҳаилацәажәарақәа ртемақәа ируакуп ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы акардиохирургиа аҟәша аартра. Азырхиара ҳаҿуп аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра апроект", - еиҭеиҳәоит Ҵахнакьиа.

Иара иажәақәа рыла арҭ аҩ-зҵаарак ӡбахоит 2019 анҵәамҭаз. Иара убасгьы алацәажәара мҩаԥысуеит ацхыраара лас амедицинатә Центр ҷыда аргылара азҵаара.

Адиспансеризациа аихшьаалақәа рылацәажәара иалахәын: Аԥсны ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Мухамед Кьылба, Урыстәыла ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ Рашид Нургалиев, агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа, Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр ицхырааҩ Анатоли Гулин, Гагра араион ахада Геннади Сыҷынаа.