Арадио

Гәбаз аботаникатә баҳча иаҭаауа рзы: ҵыԥх аасҭа еиҳаны ҳарзыԥшуп

Ҵыԥх аасҭа сынтәа иаҳҭаауа аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара иацлап ҳәа агәыӷра ҳамоуп, иҳәеит арадио Sputnik аефир аҟны Аҟәатәи аботаникатә баҳча аиҳабы Едуард Гәбаз.
Sputnik
Гәбаз аботаникатә баҳча иаҭаауа рзы: ҵыԥх аасҭа еиҳаны ҳарзыԥшуп

"Есышықәса еиԥш сынтәагьы асасцәа рыдкылара ҳҽазыҟаҳҵеит, агәыӷрагьы ҳамоуп сынтәа ҵыԥх аасҭа еиӷьхап ҳәа. Абаҳҷа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Евдокиа Лакоба лнапхгарала асасцәа рыдкылара еиҿкаауп. Иҳаҩсыз амзазы иаҳҭааз ҵыԥх аасҭа еиҳан. Аиқәшаҳаҭрақәа ҳабжьоуп аԥсшьарҭақәеи асассааирҭақәеи ҳареи аԥсшьаҩцәа ҳзааргаларц", - иҳәеит Едуард Гәбаз.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инарҭбаау аицәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.