Аԥсныи Урыстәылеи ршәарҭадаратә хеилакқәа еилацәажәеит

Аԥсныи Урыстәылеи ршәарҭадаратә хеилакқәа раппарат реилацәажәара мҩаԥысит рашәара 11 рзы атәыла ахада Рауль Ҳаџьымба инапхгарала.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 11– Sputnik. Аԥсныи Урыстәылеи ршәарҭадаратә хеилакқәа рнапхгаҩцәа реилацәажәара мҩаԥысит рашәара 11 рзы атәыла ахада Рауль Ҳаџьымба инапхгарала. Ахада дазааҭгылеит Аԥсни Урыстәылеи реицусура ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада исаит.

"Ҳара ҳазыхиоуп ԥхьаҟагьы аусеицура. Ҳәарада, уи ҳажәлари ҳтәылеи рзы хра аманы иҟоуп. Уаанӡатәи ҳаиқәшаҳаҭрақәа ирныԥшуа ауснагӡатәқәа рынагӡара хымԥада ишалыршахо ҳақәгәыӷуеит, уи азы активла аусура аҭахуп, аҽазышәарақәа ахәҭоуп", - иҳәеит атәыла ахада.

Аиԥылараан ирылацәажәан Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхыраара азыҟаҵаразы Аинвестициатә программа ацхыраара, ҷыдала асоциалтәи атранспорттәи инфраструктура аҿиара.

Аганқәа иара убасгьы иалацәажәеит амедицинатә цхырааразы аинфраструктура аҿиашьа, адиспансеризациа амҩаԥысшьа, аҳәааҿ ганрацәалатәи автомабилтә аушьҭырҭатә ҭыԥ аиҿкаара уҳәа ирацәаны азҵаарақәа.