Кәыҵниа иҳәеит ашәарҭадара азҵаарақәа ирыдҳәалоу Москватәи ацәыргақәҵа хәарҭас иалоу

Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит ашәарҭадара азҵаарақәа иадҳәалоу ацәыргақәҵа Москва дшалахәыз.
Sputnik
Кәыҵниа иҳәеит ашәарҭадара азҵаарақәа ирыдҳәалоу Москватәи ацәыргақәҵа хәарҭас иалоу

"Ашәарҭадара иадҳәалоу Москва имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи асалон ахь есышықәса ааԥхьара ҳарҭоит, шьҭа 14 шықәса еиҳаны иҵуеит. Ҳара ҳзы ари ацәыргақәҵа аҵак ду амоуп, избанзар ҿыц иҭыжьу атехника зегьы ҳдырбоит. Аиқәшәарақәа мҩаԥысуеит, уи Урыстәыла арегионқәа рҟны иҟоу аиқәырхаҩцәа реиҳабацәа рнаҩс егьырҭ атәым ҳәынҭқаррақәа рхаҭарнакцәагьы алахәуп. Еибаҳҳәоит иҳагу- иҳабзоу, ҳаицхыраар ахьҳалшо ҳаӡбоит. Москва, Нагинск араион аҟны аԥышәарақәа мҩаԥысуеит, ҳара урҭ ҳхы рылаҳархәлоит. Уаҟа иаҳдырбалоит Урыстәылатәи аиқәырхаҩцәа русушьа, рԥышәа ирымудаша, ҳхы иаҳархәаша ҳбоит", - иҳәеит Кәыҵниа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инарҭбаау аицәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.