Аҵарауаҩ иҳәеит кавказтәи ашыц аиҭашьақәыргыларазы шаҟа аамҭа аҭаху

Абнатә ԥсабара Адунеизегьтәи афонд (WWF) аинформациала 2012 шықәса рзы Шәача иԥхасҭахеит 99% колхидатәи ашыц.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 12 - Sputnik. Кавказтәи аҳәырԥсарра аусзуҩ еиҳабы Евгени Грабенко РИА Новости иазеиҭеиҳәеит Ашәҟәы ҟаԥшь ианыз кавказтәи ашыц аиҭашьақәыргыларазы 300 шықәса иреиҵамкәа иаҭахуп ҳәа.

Колхидатәи ашыц ықәӡаауа иалагеит амцаԥшьхәаҷа иахҟьаны. Ахәаҷа Шәачаҟа иааган Италиантәи 2012 шықәса рзы аиҭаҳатәқәа ирылакны.

"Ашыц акраамҭа аҽышьақәнаргылоит. Ашыцҵлақәа рхатәы микроклимат аԥырҵахьан. Уажәы дара рыҟамзаара иахҟьаны аҽаԥсахит аекосистемагьы. Ашыц шықәсык аҩнуҵҟа миллиметрақәак роуп иахьазҳауа. Аиҭашьақәыргылара 300-600 шықәса иадхалар алшоит", - иҳәеит Грабенко.

Џьниаԥҳа: ашыц аиқәырхаразы аиҭаҳатә ҳааӡоит

Амцаԥшьхәаҷа цәырҵаанӡа гектарк аҿы 4-4,5 нызқь ашыц иазҳауан. Акызаҵәык - ашыцраҿ аҿа ахы цәырнаго иалагеит, уи агәыӷра ҳнаҭоит", - иҳәеит аҵарауаҩ.

"Аҿа аира иунарбоит адгьыл аҿы арыц шмыӡыз. Уажәы иубар алшоит 5,7 - 20 сантиметра иҟоу ашыц ҵиаа", - азгәеиҭеит Грабенко.

Уи адагьы аҵарауаа рҽазыршәоит ашыц атеплицақәа рҿы реиҵааӡара. Аха макьаназ ирзалмыршеит урҭ жәпаны, аамҭак ала иҿио рыҟаҵара. Абнатә ԥсабара Адунеизегьтәи афонд (WWF) адгыларала Урыстәыла аусура иалагеит ашыцаарыхра апроект.