Аконтрабандатә ҭаҭын аалыҵ аҳәааҿ ирбаандаҩуп

Урыстәыла-аԥснытәи аҳәааҿы иаанкылоуп закәаншьаҭада аҳәаа иахыргоз аҭаҭын аалыҵ.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 12 – Sputnik. Автомашьына KIA Rio, 41 шықәса зхыҵуа аԥҳәыс илтәу агәаҭараан аҳәаахьчаҩ агәҩара иоуит ззин ыҟам аидара ҭоуп ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла АШәМ аҳәаахьчаратә Усбарҭа апресс-маҵзура.

Аҳәаахьчаҩцәа ашә аҩнуҵҟа аҭыԥ маӡа рыԥшааит. Аҵәахырҭаҿ иҭан зықь ҭоԥ аҭаҭын аалыҵ.

Атауар адекларациа иахыжьмызт. Уажәы иара аекспертизахь инашьҭуп. Абри ашьҭахь апроцессуалтә ӡбара рыдыркылараны иҟоуп.