Аҭагылазаашьа ҷыдақәа раан аиқәырхаҩцәа аҳәаа рахысра армариара иалацәажәеит

Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ Рашид Нургалиев усутә визитла Аԥсны иҟазаараан Аԥсны АҶА анапхгара дырԥылеит.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 12 – Sputnik. Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ Рашид Нургалиев усутә визитла Аԥсны иҟазаараан Аԥсны АҶА анапхгареи иареи алацәажәеит аҭагылазаашьа ҷыдақәа раан аиқәырхаҩцәа аҳәаа рахысра армариара. Абри атәы аҳәоит аусбарҭа Facebook адаҟьаҿы.

Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа иазгәеиҭеит аҳауатәи адгьылтәи транспорт рзы аҳәаатә режим шырмариатәу, урыстәылатәи амедицинатә усҳәарҭақәа рахь ааха зауз ауаа риагараан.

Аганқәа иара убасгьы иалацәажәеит аҭагылазаашьа ҷыдақәа разыԥхьагәаҭареи раԥырҟәҟәаареи рызҵаара, амедицинатә персонал азыҟаҵара апроблема.

Аԥсныи Урыстәылеи ршәарҭадаратә хеилакқәа еилацәажәеит>>

Кәыҵниа ихымԥадатәуп ҳәа азиԥхьаӡоит Аԥсны АҶА аусзуҩцәа Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра аҵаратә усҳәарҭақәа рахь рышьҭра.