Путин урыстәылаа рҳәынҭқарра аныҳәамш рыдиныҳәалеит

Аҭҵаарадырра, атехнологиа, алитература, аҟазара уҳәа русхкқәа рҟны рлагаламҭа дуқәа рзы Аҳәынҭқарратә ԥхьахәқәа ранашьара ацеремониа мҩаԥысит Кремль, рашәара 12 рзы.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 12 - Sputnik. Урыстәыла Ахада Владимир Путин иуаажәлар Урыстәыла Амш рыдиныҳәалеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Аԥсадгьыли Урыстәыла ажәлари еиҟәыҭхашьа змам ракәны иҟоуп. Аԥсадгьыл уаҵәтәи аԥеиԥш азы ҳҭакԥхықәра, уи аҿиаразы ҳҽазышәара, ашәҭыкакаҷраз ҳлагала дуқәа идырҿиоит. Атәыла аҿаԥхьа иқәгылоу аус дуқәа рыӡбара алзыршо ҳакзаароуп", - иҳәеит Путин аҭҵаарадырра, атехнологиа, алитература, аҟазара уҳәа русхкқәа рҟны рлагаламҭа дуқәа рзы Аҳәынҭқарратә ԥхьахәқәа ранашьара ацеремониа амҩаԥысраан.

Урыстәыла ахада иара убасгьы иазгәеиҭеит атәыла ауааԥсыра рыԥсадгьыл ахь ирымоу абзиабара, зқьышықәсалатәи аҭоурых, акультура, алшарақәа, аԥсабара абеиара рыхӡыӡаара.

Рауль Ҳаџьымба Владимир Путин Урыстәыла Амш идиныҳәалеит>>

Урыстәыла Амш ҳәынҭқарратә ныҳәоуп, иазгәарҭоит рашәара 12 аҽны.