Рауль Ҳаџьымба Владимир Путин Урыстәыла Амш идиныҳәалеит

© Sputnik / Кирилл Брага / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУрыстәыла Амш аныҳәа
Урыстәыла Амш аныҳәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла аҳәынҭқарратә суверенитет азы Адекларациа рыдыркылеит рашәара 12, 1990 шықәса рзы.

АҞӘА, рашәара 12 - Sputnik. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Урыстәыла Амш идиныҳәалеит. Абри атәы аанацҳауеит ахада иофициалтә саит.

"1990 шықәса рашәарамза 12 рзы аҭоурыхтә хҭыс ҟалеит – ирыдыркылеит РСФСР аҳәынҭқарратә суверенитет азы Адекларациа. Адокументалтә хроника иаҳәоит ари амилаҭтә ныҳәа иамоу иуникалтәу, ибеиоу аҭоурых атәы. Урыстәылатәи Афедерациа иахьа – ҳазҭагылоу аамҭа иақәшәо аекономикеи уаҵәтәи амш агәрагареи змоу иӷәӷәоу ҳәынҭқарроуп. Ахә ашьара уадаҩуп Шәара хаҭала ҳҳәынҭқаррақәа ирыбжьоу астратегиатә партниорреи аидгылареи реизыҟазаашьақәа рыҿиараҟны шәлагаламҭа", - аҳәоит адныҳәалараҟны.

Адныҳәаларатә текст ахыркәшамҭазы Рауль Ҳаџьымба Владимир Владимир-иԥеи Урыстәыла ажәлар зегьи гәык-ԥсыкала ирыдиныҳәалеит ари аныҳәа ду. Ирзеиӷьеишьеит аҭынчра, аизҳазыӷьара, аихьӡара ҿыцқәа.

Урыстәыла аҳәынҭқарратә суверинитет азы Адекларациа рыдкылан рашәара 12 1990 шықәса рзы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0