Саида Габниаԥҳа: ацәаҳәа амуза иарҿиаӡом, уи ацәанырраҟынтәи иаауеит

Аԥсуа шәаҳәаҩы Саида Габниаԥҳа рашәара 14 рзы, лымшира аҽны РУСДРАМ асценаҿы асааҭ 19:00 рзы имҩаԥысраны иҟоу раԥхьатәи лконцерт аламҭалаз лырҿиара иазкны Sputnik аинтервиу алҭеит.
Sputnik

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

- Иахьатәи шәымш шԥалагеи?

- Аҵыхәтәантәи аамҭазы сымшқәа зегьы еиԥшны иалагоит ҳәа сҳәар сылшоит. Избан акәзар сылацәа анхыстлак инаркны схәыцрақәа зегьы азкуп мышқәак рышьҭахь имҩаԥысраны иҟоу сконцерт, сышьыжьгьы злалаго уи аҽазыҟаҵарақәа рыла ауп. Зны схала сыбжьы "сырҿыхоит", нас асааҭ жәаба рынахыс амузыкантцәеи сареи ҳаиқәшәаны ҳаицҽазыҟаҳҵоит.

Саида Габниаԥҳа: ацәаҳәа амуза иарҿиаӡом, уи ацәанырраҟынтәи иаауеит

- Шәаныхәыҷыз шәзакәхарц ишәҭахыз?

- Сани саби ражәақәа рыла? хәышықәса анысхыҵуаз инаркны телехәаԥшрала иқәгыланы ашәа зҳәоз рыхәаԥшра, рзыӡырҩра бзиа избон, сара стәала урҭ ашәақәа гәынкыланы схаҭагьы ирыцсырӷызуазаарын. Сҭаацәа ашәаҳәарахь исымаз аинтерес ӷәӷәа ангәарҭа? амузыкатә школ ахь срышьҭит. Аха уи инаваргыланы, сеизҳацыԥхьаӡа ажурналистикагьы сгәаԥхо салагеит аҟнытә, ашкол аҟны сҵара аныхсыркәша, ажурналистика ахырхарҭа ала ҳуниверситет аҟны аҵара сҭалеит.

- Аҵара шәанҭалоз аамҭазы иалшәхыз азанааҭ еиҳарак ишәгәазырԥхеи?

- Телехәаԥшрала ажәабжьқәа еиҭазҳәоз ажурналистцәа сгәаԥхон. Ҳхәыҷраҿы иҟаз ахәмаррақәа иреиуан уи аҩыза ахәмаррагьы, "амикрофон" кны, телехәаԥшрала ҳцәажәаҵәҟьозшәа ҳгәы иарбаны, "ажәабжьқәа" анеиҭаҳҳәоз. Уи аамҭазы, ҳәарада, сара исзеилкаауамызт ажурналист изанааҭ ацәажәара мацара шакәмыз иаанагоз. Аха ахәыҷраҿы ииз агәыбылра, зегь акоуп иаратәы ҟанаҵан, исгәаԥхаз ахырхарҭагьы аанмыжькәа сҵара хсыркәшеит. Анаҩс агазеҭ аҟны, ателехәаԥшраҟны уҳәа журналистк иаҳасабала ԥыҭраамҭак аус зуан, аха аҵыхәтәанӡа дырҩегь амузыка сазыхынҳәит.

Габниаԥҳа "Агәы хьшәашәа" абжьы ахаҵара атәы: гәыкала исыдыскылеит

- Арҿиаратә еицлабра шәышԥазыҟоу? Иҟазар аума иара, насгьы изеиԥшразар ахәҭои?

- "Аицлабра" ажәа ахаҭа рацәак сара сазыразым, избангьы шәасҳәоит. Иаҳҳәап, ашәа зҳәо сҩызцәа иҿыцу ашәак рҳәар, ма клипк ҭырхыр – уи сара гәыкала сеигәырӷьоит, саргьы абасеиԥш иҿыцу џьара акы анагӡара, аҩра снапы аласкындаз ҳәа агәаҳәара сызцәырҵуеит. Уи аицлабра аанагоит ҳәа сгәы иаанагом. Ари баша рҿиаратә гәаҳәароуп, саргьы егьырҭ сырҿыԥшны шьаҿак ԥхьаҟа иҟасҵандаз ҳәа агәаӷьра узҭо. Ахәыҷраҿы, ҳәарада, даҽакала иҟоуп. Усҟан аиааирагьы уҭаххоит, зегьы уреиӷьзаргьы цәгьа иубом. Ус ишоуп ауаҩытәыҩса иԥсабара.

- Еиуеиԥшым аҭҵаарақәа изларҳәо ала, изаҵәу ауаҩы рҿиаҩык иаҳасабала ашьақәгылара еиҳа изымариоуп, иҭаацәароу иаасҭа. Шәара шәышԥахәаԥшуеи ари аҩыза агәаанагара?

- Сара схатәы ԥсҭазаара изласнарбо ала, ауаҩы акы бзиа ибаҵәҟьозар, иҭаххаҵәҟьар – акгьы зиԥырхагахаӡом, имыхәозар. Хымԥада, ухатә ҭаацәара анумоу, аамҭа уҽахаршәаланы бзиа иубо аус аҽазкра кыр еиҳа иуадаҩуп. Аха ауаҩы иҭаххаҵәҟьар – аамҭагьы иԥшаауеит, амчқәагьы иԥшаауеит, илымшо акгьы ыҟаӡам.

- Аиҩызараҿы зегь раасҭа ихадараны ишәыԥхьаӡои?

- Агәреибагара зегьы ирыцкны сахәаԥшуеит. Уи ахьыҟам аизыҟазаашьа еиҩызараӡам.

Апроект "Сара сашәа" аихшьаалатә концерт мҩаԥысит

- Шәхатә ԥышәаҿы иҟалахьома ус еиԥш, уи агәреибагара мыцхәы агәра жәганы, нас шәабылуа?

- Иҟалахьеит зыгәра сгоз ауаҩы иганахьала исымаз агәаанагара аҵыхәтәан ишымцыз анеилыскаауазгьы. Убри аамҭазы, ҳәарада сгәы снархьуеит, аха нас маҷ-маҷ исхашҭуеит, кыр аамҭа уи агәалсра сгәаҿы исҵәахӡом. Ганкахьала, иузааигәаз ҳәа иуԥхьаӡоз ауаа угәы анудырхьуа, улахь еиқәнаҵоит, аха даҽа ганкахьала уҟазшьагьы арҵәуеит, ухдырра иацнаҵоит. Уи зегьы ԥсҭазааратә ԥышәоуп, иџьашьалатәым, сгәанала, ҭынч ауаҩы идикылалар ихәҭоуп.

- Изеиԥшрои шәара шәмуза? Иабантәиаауеи шәара шәзы арҿиаратә гәалаҟара?

- Сара сашәақәа иналкааны музак иахылҿиаауеит ҳәа аҳәара сҭахым. Сара сзы ииуа ацәаҳәақәа зегьы цәанырроуп: еиуеиԥшым аԥсҭазааратә хҭысқәа, аҭагылазаашьақәа ирхылҿиаауа ацәанырра. Ашәақәа рыҩра ахаҭа апроцесс ҳалацәажәозар, сара сзы уи еснагь иҿыцу интереск аҵоуп, есааира еиԥшӡам, тематикалагьы еилаӡҩоуп. Иаҳҳәап, исымоуп ашәақәа, илахьынҵадоу абзиабара аазырԥшуа. Арҭ ацәаҳәақәа заҳауа сҩызцәа схаҭа сзыниаз, мамзаргьы сыԥсҭазаараҟны исхызго аҟнытә иаазго џьшьаны ргәы аныҭҟьалогьы ыҟоуп. Аха уи аҩыза ашәа, ҳәарада, сыԥсҭазаара ахаҭакәым иаанарԥшуа, уи акәӡам хықәкы хадас исымоу. Сара сашәа иазыӡырҩуа дарбанзаалак цәаҳәак аҟны иадамзаргьы ихы иԥшаар ауп исҭаху.

Амультфильм "Рапунцель" аԥсышәала ицәажәеит

- Аусура ашьҭахь ԥсыршьагак аҳасабала шәнапы акыр иалакума? Иаҳҳәап анапкымҭақәа рыҟаҵара, мамзаргьы асахьаҭыхра?

- Схәыҷаахыс анапкымҭақәа срызгаган: аԥара, аҭыхра, аӡахра уҳәа. Иахьагьы, аусура ашьҭахь, аҩнусқәа зегьы рҭыԥ иқәҵаны, сыԥсы анысшьо, ма џьара фильмк санахәаԥшуа, бзиа избоит аԥара. Ҳәарада, сиашахом анапкымҭақәа аныҟасымҵо аамҭазы сыԥсҭазаара схаҿы исзаагом ҳәа сҳәар, аха ԥсыршьагак аҳасабала лассы-лассы ахархәара сзамоуп, цәгьала сгәы арҭынчуеит.

- Ииун 14 рзы имҩаԥысраны иҟоу шәхатә концерт аҟны ахәаԥшҩы идыжәгалараны шәыҟоузеи, насгьы уи аҽазыҟаҵаразы ишәыцхраауадаз?

- Акрааҵуан схатә концерт амҩаԥгара исзааигәоу ауаа исабжьыргоижьҭеи. Аха сара уи сахыццакуамызт, иахәҭоу аҩаӡараҟынӡа анагара ахьысҭахыз иахҟьаны. Сара еилыскаауан уи азы ишаҭахыз имаҷымкәа аамҭагьы, ахарџьгьы. Амузыкаҿы ацхыраара сырҭоит астудиа "AMA RECORDS", амузыкантцәа Анри Гәынба, Алхаси Алмаси Марколиаа, Денис Ҳагба, Ҭемыр Агрба, абжьы арежиссиор Ҭемыр Нарманиа, иара убас Москвантәигьы даараны дыҟоуп аҩбатәи абжьы арежиссиор. Инасыгӡараны иҟоу ашәақәа реиҳарак актәи сальбом иагәылаз роуп, аха иҟалоит азыӡырҩцәа ирмаҳац ашәа ҿыцқәагьы. Аинтерес змоу зегьы ҳарзыԥшуп, бзиала шәаабеит арыцхә 14 азы!