Аԥснытәи апауерлифтиорцәа "ахьи" "араӡни" ириааит

Апауерлифтинг азы Европа ачемпионат "ОЛИМПИЯ - VI" мҩаԥысит рашәара 7 - 12 рзы, Шәача.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 13 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥснытәи аспортсменцәа Пиотри Николаии Стороженкоаа Апауерлифтинг азы Европа ачемпионат "ОЛИМПИЯ - VI" аҟны "ахьи" "араӡни" ириааит. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит ачемпионат иалахәыз Николаи Стороженко.

"Аԥсны Амчратә спортхкқәа рфедерациа сԥеи сареи абарҭ аицлабрақәа рахь ҳрышьҭит. 44 кьыла рҟынӡа иҟоу ахәыҷқәа рыбжьара Пиотр актәи аҭыԥ ааникылеит. Сара - 82 кьыла рҟынӡа иҟоу рыбжьара аҩбатәи аҭыԥ згеит", - еиҭеиҳәоит иара.

Ачемпионат иалахәын 500-ҩык рҟынӡа аспортсменцәа Урыстәыла, ЛЖәР, Азербаиџьан, Аԥсны, Иран, Израиль рҟынтәи.