Арадио

Габниаԥҳа: аконцерт зегьы иргәаԥхартә еиҿаҳкааит

Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны рашәара 14 асааҭ 19:00 рзы ашәаҳәаҩ Саида Габниаԥҳа лконцерт мҩаԥысуеит.
Sputnik
Габниаԥҳа: аконцерт зегьы иргәаԥхартә еиҿаҳкааит

"Ари аконцерт ҳазхәыцуеижьҭеи шықәсқәак ҵуеит. Иаԥысҵо ашәақәа зегьы аранжировка ҟазҵо Анри Гәымба иоуп. Раԥхьатәи альбом анҭаҳҩы, ҳазхәыцуа ҳалагеит асолотә концерт, амала афонограммала акәымкәа, бжьыцқьала ашәақәа нагӡазарц. АМА Рекордс амузыкантцәа роуп ихәмаруа аконцерт аҟны. Иара убас амузыкантцәа Тимур Агрбеи Денис Ҳагбеи. Аконцерт аҟны ирҿыцу ашәақәа жәаба насыгӡоит аԥсышәала. Убасгьы иҟалоит асасцәа, урҭ ашәаҳәаҩцәа Авто Конџьариа, Нарсоу Абыхәба, агитарарҳәаҩцәа, актәи амузыкатә школ аҵаҩцәа Максим Бусловски инапхгарала, амузыкатә ҵараиурҭа астудент Валери Барганџьиа. Апрограмма зегьы иргәаԥхартә еиԥш еиҿаҳкааит", - лҳәеит Габниаԥҳа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инарҭбаау анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.