Зегь раасҭа идуу Урыстәыла атәылауаҩшәҟәы аадыртит Луганск

Лугансктәи Жәлар рреспублика ҩ-нызқь инарзынаԥшуа арзаҳалқәа нарышьҭхьеит Урыстәыла атәылауаҩра аиуразы.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 13 – Sputnik. Зегь раасҭа идуу Урыстәыла атәылауаҩшәҟәы аадыртит Луганск ашҭа хадаҿы Урыстәыла Амш иазку афлешмоб аҳәаақәа ирҭагӡаны. Абри атәы ааицҳауеит РИА Новости акорреспондент.

"Ҳара иахьа афлешмоб ду мҩаԥаагеит. Урыстәыла атәылауаҩшәҟәы ахкьыԥхьаа ду ааҳартит, ЛЖәР аҟны урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәқәа роура апроцесс ишалаго иасимволны", - иҳәеит ауаажәларратә еиҿкаара "Мир Луганщине" ахаҭарнак Алексеи Филиппов.

ЛЖәР: Зеленски иалхра Донбасс аҭагылазаашьа аиӷьтәра алнамыршеит

Атәылауаҩшәҟәы ахкьыԥхьаа ахышәа-ҵышәа 200 метр ԥшьыркца инаӡоит. Иара ааргеит Олег Газманов иашәа ацҳәаны. Лугансктәи аҿар иаадыртит Лугансктәи Жәлар рреспублика ахьӡала иҟоу атәылауаҩшәҟәы.

"Ари амш ҳара ҳзынгьы иныҳәоуп. Ҳара ҭаацәала арзаҳал алаҳҵахьеит Урыстәыла атәылауаҩшәҟәы ҳаурц", - лҳәеит ЛЖәР атәылауаҩ Елена.

Урыстәыла ахада Владимир Путин мшаԥы 24 рзы инапы аҵеиҩит урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәқәа ДЖәР, ЛЖәР руааԥсыра ирмарианы ирырҭаларц азы Ақәҵара.

Иара иҳәеит ари акциа агуманитартә ҟазшьа шамоу.