ЕАА Индиа иақәмақаруеит С-400 ахьаанахәо азы

Москвеи Ниу-Делии еилаӡеит 5,43 миллиард доллар рыхә иартәо С-400 аахәаразы. Аилаӡара мҩаԥысит 2018 шықәса абҵарамзазы.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 14 — Sputnik. Ацентртә Азиеи Аладатәи Азиеи рзы ЕАА амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭыԥуаҩ Елис Уеллс илҳәеит Индиа азенит-ракетатә системақәа С-400 аанахәар иаԥеиԥшхо ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Елис Уеллс иазгәалҭеит Ниу-Дели алшарақәа шыԥкхо.

Ҭырқәтәыла аиҳабыра: C-400 ааҳхәоит ҳҳәом, иааҳхәахьеит

"Зны-зынла иаҭаххоит апартниорраз астратегиатә лкаақәа аныҟаҵалатәу, атәылаҿ иарбан абџьару иаларҵәахар акәу", - лҳәеит лара.

Лара лгәаанагарала Индиа С-400 аанахәар асанкциақәа ралагалара азҵаара уажәы ЕАА иахәаԥшуеит лҳәеит лара.

Москвеи Ниу-Делии еилаӡеит 5,43 миллиард доллар рыхә иартәо С-400 аахәаразы. Аилаӡара мҩаԥысит 2018 шықәса абҵарамзазы.

Индиа адәныҟатәи аусқәа рофициалтә хаҭарнак Равиш Кумар иазгәеиҭеит ЕАА асанкциақәа ишрылацәажәо иахьмырԥшыкәа асистемақәа шаахәахо.

Мшаԥымзазы Индиа атәылахьчара аминистр Нирмала Ситхараман ажурналистцәа ирзеиҭалҳәеит С-400 аахәара Вашингтонтәи асанкциақәа шаԥырхагам.