АҞӘА, рашәара 14 - Sputnik. Ҭырқәтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Мевлиут Чавушоглу аҳәамҭа ҟаиҵеит Пентагон ахада инапынҵақәа назыгӡо Патрик Шанахан азенит-ракетатә комплексқәа С-400 раахәара иазырхо ишәҟәы аҭакс "C-400 аахәара мап ацәктәны иаҳбом" шиҳәо. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
"Ҳара иаҳҳәом С-400 ааҳхәоит ҳәа. Ҳара урҭ ааҳхәахьеит. ЕАА С-400 ма F-35 рахь цәшәарак амазар, иаԥаҳҵап аусутә гәыԥ. Аҟазауаа азҵаара ҭырҵааит. Пентагонтәи ашәҟәы иахырҟьаны Ҭырқәтәыла С-400 мап ацәнакуам", - иҳәеит Чавушоглу.
Чавушоглу уи адагьы иазгәеиҭеит Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи реилаӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны С-400 ианаамҭоу Ҭырқәтәылаҟа инашьҭуп.
"Аӡәгьы азин имам Ҭырқәтәыла дақәымчны дцәажәарц", - иҳәеит Ҭырқәтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Мевлиут Чавушоглу.
Уаанӡа ажурнал Foreign Policy адырра ҟанаҵахьан ЕАА аҵара зҵо ҭырқәтәылатәи аԥрыҩцәа F-35 апрограмма иалархәхом ҳәа.
ЕАА агәаанагарала С-400 НАТО астандартқәа ирықәшәом.