Арадио

Ҷедиа ашьа аҭаразы: аҭагылазаашьа уадаҩ иақәшәаз уицхраароуп

Ашьа адонор имш аҽны аԥсуа ар афицар Аинар Ҷедиа арадио Sputnik аҟны иазгәеиҭеит ауаа ргәабзиара ашәарҭара ианҭагылоу ашьа рыҭарала ирыцхраатәуп ҳәа.
Sputnik
Ҷедиа ашьа аҭаразы: аҭагылазаашьа уадаҩ иақәшәаз уицхраароуп

"Ари арра иадҳәалоу дҵаҟаҵараӡам, уи хатәгәаԥҳарала иҟаҳҵо усуп. Ауаҩы иаарласны ашьа аныиҭаху уцхыраароуп. Адҵаҟаҵаратә ҵараиурҭаҟны ҳара ҳҿы инеины иҳаҳәоит ашьазы. Ҳшьа иақәшәозар ирҭаху агәыԥ ҳрыцны ҳцоит ҳатәгәаԥхарала. Сара уи цхыраарак аҳасабала сахәаԥшуеит, иахьа ауаҩы аҭагылазаашьа уадаҩ данақәшәа уицхраароуп", - иҳәеит Ҷедиа.

Ашьа адонор адунеизегьтәи имш азгәарҭоит иахьа рашәара 14 рзы. Арыцхә адҳәалоуп Австриатәи аҳақьым аиммунолог Карл Ландштеинер иира амш. Иара 1930 шықәсазы афизиологиеи амедицинеи русхк азы Нобель ипремиа ианашьан ауаа ршьа агәыԥқәа ахьааиртыз азы.

Иаҳа инарҭбаау анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.