Гәбаз: аботаникатә баҳчаҟны асас агәам имбароуп
© Sputnik
"Аботаникатә баҳча асас данаҭаауа ишахәҭоу ирыцқьаны иҟазароуп, агәам имбароуп. Уи излаҳалшо ала еиҿаҳкаауеит, аха агәынамӡарақәа ыҟоуп аусуцәа руалафахәы ахьмаҷу аҟынтә. Уи иахҟьаны аус зуагьы рыԥшаара уадаҩуп. Аԥхын анааиуа ахьҭа ззымчҳауаз аҵиаақәа зегьы цәыраҳгоит, ирацәоуп аӡҭачқәа рҟны рашәарамза анҵәамҭазы еиҭаҳҳауа. Абаҳча зырԥшӡо Аԥсны анҭыҵынтә иаагоу аекзотикатә ҵиаақәа роуп еиҳарак еиҭаҳҳауа. Ааигәа Ҟрымынтә иҳауан 40 хкы рҟынӡа аҵиаақәа еиҭаҳҳаит. Урҭқәа зегьы ҳпарк даара иарԥшӡоит, ауаҩы ила аргәырӷьоит", - иҳәеит Гәбаз.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инарҭбаау анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.