Арадио

Миқаа: амотоцикл иунаҭо аҩнуҵҟатәи ахақәиҭра бзиа избоит

Амотоцикл арныҟәаҩ имш аҽны арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы ашәаҳәаҩ, "аихатә ҽы" абзиабаҩ Ерик Миқаа еиҭеиҳәеит амотоцикл ақәтәара игәазырԥхаз.
Sputnik
Миқаа: амотоцикл иунаҭо аҩнуҵҟатәи ахақәиҭра бзиа избоит

"Амотоциклқәа есымша исгәаԥхон, ауаҩы деинаалан деибыҭан, амотоцикл ԥшӡа дақәтәаны, акино аҿы ажурнал аҿы данызбалак, даара сгәы хыҭхыҭуан, есымша схы иҭакны исыман аамҭа анааилак, саргьы уи сақәтәоит ҳәа. Сара бзиа избоит амотоцикл арныҟәцара иацу аҩнуҵҟатәи ахақәиҭра. Зыкапан дуу амашьынақәа усҟак срыдҳәалам. Ҳамҩақәа шҽеимгьы, ақыҭагьы ҳшадҳәалоугьы, исымоу амашьынагьы хәыҷуп. Иара ауардын ақәтәарагьы бзиа избоит, смыццакӡакәа снаԥшы-ааԥшуа сныҟәоит, сгәазҭо ауаа анԥышәарччо, сгәы иаахоит. Америкатәи акультураҿы амотоцикл иазырҳәоит аихаӡатә ҽы ҳәа. Саргьы аҽы сақәтәан сыиасуазшәа џьара акы аҳәарагьы сахьӡоит. Бзиа избоит убас", – ҳәа азгәеиҭеит Миқаа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.