Шамԥҳа: смоҭацәа рыдныҳәалара иреиҳаӡоу насыԥуп
© Sputnik
"Ҳҭаацәараҿы амузыка ҳаламцәажәар ҟалом, аҩнаҭа аԥшәма дшәаҳәаҩуп, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, сыԥҳа лакәзар ус. Ҳанааидтәалалак, иаҳҭахымзаргьы, уи ҳалацәажәоит, ҳусуроуп зыӡбахә ҳамоу еснагь, уи аҩбатәи ҳаҩнаҭа ҳәа ҳашьҭоуп. Сынтәа 45 шықәса ҵуеит раԥхьаӡа акәны асценахь сцәырҵижьҭеи. Жәаашықәса схыҵуан сшьаҿа акапеллахь ианеихызга, уи аахыс ашәеи сареи ҳаицуп", - ҳәа азгәалҭеит Шамԥҳа.
Ашәаҳәаҩ лымшира шазгәалҭо атәы далацәажәо, илҳәеит зегь реиҳа дыззыԥшу хәҩык лмоҭацәа раара шакәу.
"Урҭ иаасыкәшаны, "Нанду, ибыдыҳныҳәалоит!" анырҳәалак, сара сзы еиҳа доуҳауп", - ҳәа азгәалҭеит Манана Шамԥҳа.
Инеиҵыху анҵамҭа шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.