Арадио

Арухаа: ахәыҷқәа "Артек" ҽнак иадамхаргьы иҭацәыз аамҭа рымамызт

Гәдоутатәи ахәыҷтәы акәашаратә ансамбль "Адац" асахьаркыратә напхгаҩы Гәдиса Арухаа арадио Sputnik Аԥсны иазеиҭеиҳәеит иааӡамҭацәа ҩажәамш "Артек" рыԥсшьараамҭа шеиҿкааз атәы.
Sputnik
Арухаа: ахәыҷқәа "Артек" ҽнак иадамхаргьы иҭацәыз аамҭа рымамызт

"Ахыҷқәа шьыжьымҭан ишаагылалак абаҩрҵәырахь ицон. Анаҩс шьыжьхьа рфон. Иҳәатәуп, ахәыҷқәа рыкрыфара шыбзиаз. Уи ашьҭахь досу иара ихазы иалихыз ахырхарҭала асекциақәа рахь дцон: асахьаҭыхра, ашьапылампыл уҳәа. Еиҿкаан аныҟәарақәа, амшын иҭалон, еснагь акы иаҿын, ус амш го итәаны ҳәа ҽнак иадамхаргьы иҟамызт. Ԥсшьара ицеит ҳәа аҳәарагьы уадаҩзар ҟалап", - иҳәеит Арухаа.   

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.