Ҷыҭанаа: апты ахыԥхьаӡара еиҳа имаҷхашәа иубоит, аха уи ус акәым
© Sputnik
"Амармалташьтә пты ацәырҵра, аҿиара макьана иаамҭам. Аҩнқәа рҿы аӡын аамҭа зхызгаз урҭ амхурсҭақәа рахь ицеит. Уи ауп дара рхыԥхьаӡара маҷушәагьы узырбо, аха уи ус акәым, апты нҳарҵәеит ҳәа аҳәара ииашам. Аҿиара маҷхазар ҟалап, аха зынӡа иаԥыхӡам. Дара еиҳарак ирацәахоит иааиуа амзазы. Аҩнқәа рахь дара еихо иалагоит ҭагалан раԥхьатәи амзақәа рзы. Убасҟан иубар алшоит дара шаҟа ирацәоу. Апты аизгара мамзаргьы ахәышәтәра шьҭа иаҭахым ҳәа аҳәара иашам, урҭ ишыҟац еиԥш иҟоуп, уаанӡа имҩаԥаҳгоз аусурагьы иацҵатәуп", - ҳәа азгәеиҭеит Ҷыҭанаа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.