Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аруаа реиҭныԥсахлара мҩаԥысит

Планла аруаа реиҭныԥсахлара ашьҭахь Аԥсны игылоу аруаа рхыԥхьаӡара аҽамԥсахит.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 19 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Аладатәи арратә базахь иаашьҭуп 300-ҩык рҟынӡа ҿыц аррахь инарыԥхьаз аррамаҵзурауаа ҳәа ааицҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура аиҳабы Вадим Астафиев.

Ҿыц иааз аруаа 40 рҟынӡа арратә занааҭ рымоуп, арахь иаҵанакуеит: амеханик-ныҟәцаҩцәа, атанк Т-72Б3 аоператорцәа, аимадаҩцәа, аракетатә комплексқәа "Штурм-С" роператорцәа, азенит-ракетатә комплексқәа "Оса-АКМ", "Стрела-10" рхархәаҩцәа.

Ҿыц аррамаҵзура иахысырц арахь иааз рҭыԥқәа рхиоуп. Абаза апсихологцәа урҭ рҭагылазаашьа агәаҭаразы атестмҩаԥгара иахрыжьит.

Аԥсны аҳауатә ҭагылазаашьа азыԥхьагәаҭаны аруаа зегьы амедицинатә ҭҵаара иахыжьхоит.