Арадио

Аҩӡба еиҭеиҳәеит атәыла ахада Афон ҿыц ицара алҵшәақәа ртәы

Аԥсны атәыла ахада Рауль Ҳаџьымба иахьа Афон ҿыц даҭаан игәеиҭеит ақалақь аҿы ицо аргыларақәа. Урҭ шымҩаԥысуа атәы, насгьы иарбан гхақәоу атәыла ахада ииԥшааз арадиоефир аҿы еиҭеиҳәеит Sputnik акорреспондент Бадраҟ Аҩӡба.
Sputnik
Аҩӡба еиҭеиҳәеит атәыла ахада Афон ҿыц ицара алҵшәақәа ртәы

"Зегь раԥхьа иргыланы Аԥсны ахада днеит ахәыҷбаҳча аргылара иахьаҿу. Шықәсыки бжаки раԥхьа араҟа ихацыркын аусурақәа. Уажәазы аусурақәа рацәаны имҩаԥгоуп. Аҳәынҭқарра ахада аргылаҩцәа дразҵаауан иарбан усқәоу иаанхаз. Иҳәатәуп, Рауль Ҳаџьымба аргылаҩцәа рыгхагьы шибаз, уи шыриашатәугьы реиҳәеит. Ахәыҷбаҳча 100-ҩык ахәыҷқәа аднакылартә еиԥш аҭагылазаашьа ҟалоит. Анаҩс атәыла ахада днеит акультуратә хан ахь. Уи акыр шықәса ҵуан еилаҳан иҟоижьҭеи. Иара аҳәынҭқарратә биуџьет аԥарала аргылара иаҿуп, 50 миллион мааҭ аԥара азоужьын, урҭ рахьынтә 15 ахархәара азуп. Агәыӷра ыҟоуп абираҟ амш аҽны иара аартхап ҳәа", – иҳәеит Аҩӡба.

Убри адагьы, атәыла ахада игәеиҭаз аобиекткәа рхыԥхьаӡараҿы иҟан Афонҿыцтәи аҳаԥы. 

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.