Арадио

Сабуа аӡаҿы ашәарҭадаразы: қьырала игоу аҟәара иаҳа еиҿкаауп, ақалақь иаду аасҭа

Зышәагаа маҷу амшынӷбақәа рзы аинспекциа аиҳабы Ҭенгиз Сабуа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аԥсны иахьаҵанакуа аҽыкәабарҭатә ҭыԥқәа акурорттә аамҭа ишазыхиоу, аԥҟарақәа иахьынӡарықәшәо.
Sputnik
Сабуа аӡаҿы ашәарҭадаразы: қьырала игоу аҟәара иаҳа еиҿкаауп, ақалақь иаду аасҭа

"Иахьатәи амш ала ақалақь ахадацәа зегьы ирҳәо убри ауп, амшын аҟәара аиҿкааразы, иаҭаху амыругала аиқәыршәаразы аԥара азоужьӡамызт ҳәа. Убри аҟнытә имаҷуп Аԥсны аҽыкәабарҭатә ҭыԥқәа ишахәҭоу еибыҭоу. Зынӡа акгьы ахьыҟаҵамгьы ыҟоуп. Гагра, Пицунда, Аҟәа уҳәа, ақалақь иаҵанакуа амшын аԥшаҳәақәа рҿы зехьынџьара аҭагылазаашьа еиԥшуп. Қьырала ауаа ирымоу аҟәара акәзар, иаҳа еиҿкаауп, ашәарҭадара иаҵанакуа амыругақәа рымоуп, амшын иаго ауаҩы ацхыраара ирҭар рылшоит. Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра аӡаҿы ашәарҭадаразы имҩаԥнаго агәаҭарақәа хыркәшахоит мчыбжьык ашьҭахь, анаҩс аинформациа зегьы еизганы атәыла анапхгара аҟынӡа инагахоит", - ҳәа азгәеиҭеит Сабуа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.