Ԥсоу иааныркылаз анаркотикқәа рымҩангаҩ жәеиза шықәса иқәырҵеит

Ииасыз ашықәс рашәарамзазы анаркотикқәа аҳәаа рахыгаразы иаанкылаз ахаҵа иус рыӡбеит.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 19 — Sputnik. Адлертәи араионтә ӡбарҭа Урыстәыла атәылауаҩ 11 шықәса иқәҵан иус аӡбеит Урыстәыла-аԥснытәи аҳәаа анаркотикатә маҭәашьар N-метилефедрони (4,44 грамм) граммк агашиши ахьахигоз азы ҳәа аанацҳауеит Краснодартәи атәылаҿацә аҟны Урыстәыла АШәМ аҳәаахьчаратә усбарҭа апресс-маҵзура.

Иара асигарет "Winston" аҭра иҭаҵаны анаркотикқәа ииаигарц даҿын.

Анаркотикқәа мҩанызгоз ахаҿы Шәача ԥшьышықәса аҭакра иқәырҵеит>>

Анаркотикатә маҭәашьар N-метилефедрони (4,44 грамм) граммк агашиши аексперт-криминалисттә лабораториахь инашьҭын рхаҭара ашьақәыргыларазы.

Ииасыз ашықәс, рашәарамзазы анаркотикқәа аҳәаа рахыгаразы иаанкылаз ахаҵа иус рыӡбеит.