АҞӘА, рашәара 20 – Sputnik. Адлертәи араионтә ӡбарҭа 34 шықәса зхыҵуа, Шәача инхо ахаҵа хәышықәса ҭакрала ихигаразы иқәырҵеит Аԥсны-Урыстәыла рҳәынҭқарратә ҳәаа анаркотикатә маҭәашьар N-метилефедрон (0,9 граммк) ахьахигоз азы ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Анаркотикқәа мҩанызгоз ахаҿы Шәача ԥшьышықәса аҭакра иқәырҵеит>>
Ахаҵа аҳәаа данахысуаз даанкылан. Иеиқәа аџьыба иҭыргеит аилаҳәара. Иара иҿы иқәшаҳаҭхеит, иҳәеит анаркотикатә маҭәашьар шакәу идырбалаз.
Аԥшаах Шәача ААР аексперт-криминалистикатә лабораториахь инашьҭын. Уа ишьақәдырӷәӷәеит уи анаркотик N-метилефедрон шакәыз.
Анаркотикатә маҭәашьар аҳәаа ахыгара иҽахьазишәаз азы ахаҵа иганахьала аусҭҵаара хацыркын. Аӡбарҭа ахарадҵа шьақәнарӷәӷәеит.