Анаркотикқәа рымҩангаразы Аԥсны атәылауаҩ хәышықәса аҭакра иқәырҵеит

Ииасыз ашықәс азы Аԥсны атәылауаҩ 0,55 грамм аметадон аҳәынҭқарратә ҳәаа иахьахигоз азы даанкылан.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 21 — Sputnik. Аԥсны-Урыстәыла рҳәынҭқарратә ҳәаа анаркотикатә маҭәашьарқәа ахьахигоз азы Адлертәи араионтә ӡбарҭа 33 шықәса зхыҵуаз Аԥсны атәылауаҩ хәышықәса аҭакра иқәҵаны иус аӡбеит. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла АШәМ аҳәаахьчаратә усбарҭа апресс-маҵзура.

Аԥсны-Урыстәыла рҳәынҭқарратә ҳәаа анаркотикатә маҭәашьарқәа ахызгоз 33 шықәса зхыҵуаз Аԥсны атәылауаҩ даанкылан аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҟны. Аԥсны атәылауаҩ 0,55 грамм аметадон аҳәынҭқарратә ҳәаа иахигарц иҽазишәон.

Ԥсоу иааныркылаз анаркотикқәа рымҩангаҩ жәеиза шықәса иқәырҵеит>>

Анаркотикатә маҭәашьар имхны ацәгьоуразы аматериалқәа Шәача ақалақь Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭахь инашьҭын. Аусҭҵаара хацыркын.