Иԥсабаратәу амаҭәашьарқәа рхархәарала: Аԥсны арасахәышәтәра иалагеит

Аԥсны иахьаҵанакуа арасашьапқәа рхыԥхьаӡара маҷхеит аҵыхәтәантәи аамҭазы ицәырҵыз ахәаҷа-маҷа иахҟьаны.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 21 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Ақыҭанхамҩа аминистрреи "Россельхозцентри" рҟазауаа раԥхьаӡа акәны рхы иадырхәоит араса ахәышәтәразы урыстәылатәи абиопрепарат. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Ақыҭанхамҩа аминистр Амиран Какалиа.

Кәарҷиа: араса зааӡо анхацәа аҵара дырҵатәуп

"Ахархәара аҳҭоит амикробиологиатә маҭәашьар "Экстрасол". Ихадароу ахәшә араса ахәышәтәуеит, убри аан ауаа, ашьхыц уҳәа ирԥырхаганы иҟам", - еиҭеиҳәоит Ростовтәи аобласт аҿы ФГБУ "Россельхозцентр" афилиал аиҳабы Григори Заднепровски.

Иара иажәақәа рыла амаҭәашьар ахархәара азыруеит Ростовтәи аобласт аҿы ашәыр, ауҭраҭых, ачарыц рыхәышәтәразы.

"Арбагақәа даара ибзиоуп. Иара ахархәара ашьҭахь иаагәоуҭартә аҽаҩра еизҳауеит", - иҳәоит иара.

"Ростовтәи Россельхозцентр аусзуҩцәа Гәылрыԥшьи Очамчыреи рраионқәа ԥышәа ҳасабала арасаҭрақәа ахәшә рықәҭәара иаҿуп. Уи ахәшә - иҷыдоу хәшәуп. Иара ахимиатә маҭәашьарқәа алаӡам, уаҩы иԥырхагаӡам. Россельхозцентр аусзуҩцәа арасаҭра абжа ахәшә ақәҭәан иаанрыжьит, жәамш раҟара иааԥшуеит, аҵиаақәа рхы шымҩаԥырго гәарҭоит. Ахәшә апты мацара акәӡам, аҿкы чымазарақәа зегьы анырра анаҭароуп ҳәа иԥхьаӡоуп. Анаҩс ахәшә аусураз иазыԥҵәоу аамҭа анцалак, Ростовтәи ацентр аусузҩцәа еиҭа иааны игәарҭоит. Усҟан еилкаахоит алҵшәақәагьы. Ари аусура хацыркуп ацентри ҳареи иҳабжьаҳҵаз аиқәшаҳаҭра иабзоураны", - ҳәа азгәеиҭеит Какалиа.

Какалиа иазгәеиҭеит хәарҭара злам аметодқәа зхы иазырхәо анхацәа шыҟоу. Урҭ уажәшьҭа иажәхьеит ҳәа иҳәоит иара.

"Иахьатәи аамҭазы ахархәара рыҭатәуп аметод ҿыцқәа, атехнологиа ҿыцқәа. Иҟоуп ахәшә заҳҭаны зхы иазмырхәазгьы. Уи ҳара ҳзашьклаԥшуам", - иҳәоит аминистр.

Гәыргәлиа: араса ашьаҭақәа ирыцҳамшьаӡакәа еилыхлатәуп>>

"Россельхозцентр" афилиал аиҳабы иажәақәа рыла, аԥхьатәи алҵшәақәа уаҩы ибарҭахоит ашьаҭа анырхәышәтә ашьҭахь мчыбжьык иахымгакәа. Аексперимент аҳәаақәа ирҭагӡаны 200 шьаҭа араса ахәшә ақәырҭәахьеит.