"Москва Аҩны" Аҟәатәи 14-тәи ашкол ҩаԥхьа аҳамҭақәа анаҭеит

Аҳәаанырцә аурыс бызшәа аҵаразы азеиԥшҵаратә еиҿкаарақәа ацхыраара рыҭара апрограмма аҳәаақәа иҭагӡаны, "Москва Аҩны" Аҟәатәи ажәиԥшьтәи абжьаратә школ аҳамҭақәа азыҟанаҵеит.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 21 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Москватәи акультура-усутә центр "Москва Аҩны" Чехов ихьӡ зху абжьаратә школ №14 амобилтә лаборатортә комплекси акомпиутарқәеи ҳамҭас иазынанашьҭит. Абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит ашкол адиректор Рита Бениаԥҳа.

2017 шықәса рзы ихацыркыз ашколқәа амобилтә лаборатортә комплекси акомпиутерқәеи рыла реиқәыршәара апроект иаҵанакуеит уажәтәи акциагьы.

"2017 шықәса рзы "Москва Аҩны" ҳамҭас иҳанаҭахьан алабораториатә комплекс маҷ. Уажәы ихарҭәаау акомплекс ҳзааргеит. Иаарласны москвантәи аҟазауаҩ ишьақәиргыларазы даараны дыҟоуп", - лҳәоит Бениаԥҳа.

Иара убасгьы "Москва Аҩны" ашкол ахь инанашьҭит 13 ноутбук.

Москва Аҩны Аҟәатәи ашкол №14 аҳамҭақәа азыҟанаҵеит

Ашкол аҿы 10-11-тәи аклассқәа ирылагалоуп ахырхарҭатә ҵара. Ахәыҷқәа инарҵауланы ирҵоит ахимиа, афизика.

"Уажә иҳауз ахархәагақәа ҳҵаҩцәа рзы ихәарҭа духоит. Рдырра иазнарҳауеит. Ахәыҷқәа апрактикаҿ ирҵаз рхы иадырхәартә еиԥш аҭагылазаашьа роуеит", - лҳәоит адиректор.

Аҳәаанырцә аурыс бызшәа аҵаразы азеиԥшҵаратә еиҿкаарақәа ацхыраара рыҭара апрограмма аҳәаақәа иҭагӡаны "Москва Аҩны" аҟәатәи ажәиԥшьтәи абжьаратә школ ирзыҟанаҵаз аҳамҭақәа цхыраагӡа духоит аҵаҩцәа рдыррақәа рырҵаулараҿы.