Нанба: 1994 шықәса рзы абжьаҟазаратә мчқәа ҳабжьамгылазҭгьы, иҳацәҭахоз рацәаҩхон
© Sputnik
"Шәҩык инареиҳаны аибашьра иаламгылакәа, ҩмчык ирыбжьаҟазарц иахьҭахаз рыцҳара дууп. Уи аамҭазы Еиду Амилаҭқәа рхаҭарнакцәагьы аминақәа ирхаԥжәон. Дара ҭахеит уаҳа еибашьра ҟамларцаз, ҳауаажәлар уаҳа иҭамхарцаз. Абжьаҟазаратә мчқәа рлагала дууп. Ҳара ҳҽеидаҳкылоит арыцҳара аҟынӡа ҳаннеилак, усҟан еиҳагьы ауаа ҳацәҭахар алшон. Ақырҭуа ир еиҭа аҽырӷәӷәара иалагеит, ҭыԥс иаҳкра ҳзымдыруа ҳаҟан - ашьха акәу, амшын акәу. Дара иҟарҵалак ҟало амч рыман. Ҳара ааха ӷәӷәа раҳҭартә еиԥш, ҳарҿагылартә еиԥш амчқәа ҳамамызт. Иҳабжьамгылар, иҳацәҭахоз рацәаҩхон", - ҳәа азгәеиҭеит Нанба.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.