Арадио

Дамениа: аҳәынҭқарратә напхгара зылшо иалхра азин ҳанаҭом азакәан

Абжьы гәыла мамзар хшыҩла акәу ишаҭатәу? Амилаҭтә алхрақәа рҷыдарақәа ртәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны далацәажәеит Аԥсны ахада иҿы иҟоу Астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр аиҳабы, афилософ Олег Дамениа.
Sputnik
Дамениа: аҳәынҭқарратә напхгара зылшо иалхра азин ҳанаҭом азакәан

"Аибашьра ашьҭахьтәи ҳԥышәа иаҳнарбо ала ҳара иҳамаӡам азакәан аҳәынҭқарратә напхгара зылшо апрезидент, адепутат иоума ралхра. Азакәан уи аҩыза азин ҳанаҭаӡом. Азакәан аҟны убас еиԥш иаҵшьны иазгәаҭазароуп аҳәынҭқарра напхгараҭара злымшо ауаҩы уахь дзымнеиуа иҟазароуп. Иахьа ҳара апартиа ҳәа ҳзышьҭоуи уи ажәа иаанагои даараӡа еицәыхароуп. Иахьа ҳара апартиа ҳамаӡам. Иаҳҳәап, агәыла-азла, ауа-аҭахы ҳәа иахьа ҳазҿу - етнографиатә шәага-загақәоуп, уи ҳәынҭқарратә стандартӡам. Ауаҩы ибзазаратә ус аҟны урҭқәа иҭахуп, аха аҳәынҭқарраҟны уала-ҭахыла 25 шықәса ҳазҿу лыҵшәа бзиак аманы иҟалом", - иҳәеит Дамениа.

Шәаӡыӡырҩы аудио. Иаҳа инарҭбаау анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.