Ашьапылампылтә академиа Unity официалла иаадыртит Аҟәа

Ашьапылампылтә академиа Unity Аԥсны Ашьапылампыл азы афедерациа иахьыԥшымкәа еиҿкаауп. Иахьазы академиа ахгәыԥк рҿы аҵара рҵоит 34 спортсмен.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 24 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Раԥхьатәи Европатәи ашьапылампылтә академиа Unity официалла иаадыртит Аҟәа, рашәара 23 рзы.

"Ари раԥхьатәи иҷыдоу шьапылампылтә проектуп Аԥсны. Ареспубликаҿ ашьапылампыл аконцепциа ҿыц аԥҵатәуп ҳәа азаҳаԥхьаӡеит. Ари ҳаамҭазтәи шьапылампылуп. Аброуп Аԥсны ашьапылампыл аҭоурых ахьхацыркхо", - иҳәеит аартраан Академиа Unity адиректор Гиви Ҭодуа.

Ҭодуа иажәақәа рыла, 2020 шықәса рзы Академиа аҵаҩцәа руаӡәы Амстердамҟа ашьапылампылтә клуб "Аякс" ахь дрышьҭуеит иҟазара ацҵаразы.

Коӷониа: ахәыҷқәа ирылоу аҟыбаҩ аус адуланы, Аԥсны анҭыҵ иҳашьҭларц ҳгәы иҭоуп

Академиа аофициалтә аартра далахәын Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Гарри Аршба.

"Аԥсуа шьапылампыл аҭоурых ду амоуп. Сақәгәыӷуеит 10-12 шықәса рышьҭахь Аԥсны Европа ахраҿа агара алшап ҳәа. Аԥсны ашьапылампыл уаҵәтәи аԥеиԥш амоуп ҳәа исыԥхьаӡоит", - иҳәеит иара.

Аофициалтә аартра ашьҭахь азыҟаҵаҩ Лаша Коӷониа амастер-класс мҩаԥигеит.

Ашьапылампыл Академиа Unity Аԥсны ашьапылампыл азы афедерациа иахьыԥшымкәа еиҿкаауп. Иахьазы академиа ахгәыԥк рҿы аҵара рҵоит 34 спортсмен.

Академиа макьаназ ахатә база амам. Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит ашьапылампылдәы маҷқәа рҿы.