Атеатр ашьаҭаркцәа: Аԥсуа драматә театр аҭӡаҿы иубо абиустқәа зтәу

Арубрика Оk, Sputnik аҟны Sputnik Аԥсны акорреспондентцәа аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа рҭакқәа ҟарҵоит.
Sputnik

Кристина (Аҟәа) дҵаауеит: Амшын аԥшаҳәаҿы лассы-лассы снеиааилоит. Атеатр аҭӡы иаварххны иқәгылоу абиустқәа зтәу здыруазарц сҭахын. Сзазҵаауазаалакгьы, аҭак сырымҭеит.

Сариа Кәарцхьиаԥҳа, Sputnik: Аԥсуа драматә театр ауаажәларреи АИХи рымадаразы аҟәша аиҳабы Шьарида Ҭыжәԥҳа Sputnik акорреспондент илзеиҭалҳәеит аҭӡаҿы иқәгылоу абиустқәа атеатр ашьаҭаркреи арҿиареи зыбзоуроу аԥсуа драматургцәеи актиорцәеи роуп ҳәа.

Аҩналарҭа хада аҿаԥхьа игылоуп аԥсуа драматургиа ашьаҭаркҩы Самсон Ҷанба ибиуст. 1929 шықәсазы иара иалахәрала иаԥҵан раԥхьатәи аԥсуа профессионалтә театр.

"Иара убасгьы ара иқәгылоуп актиорцәа Азиз Агрба, Минадора Зыхәԥҳа, Лео Касланӡиа, Шәарах Ԥачалиа рбиустқәа. Урҭ аԥсуа театр аҿиара рыхьӡ адҳәалоуп. Абиустқәа ықәыргылан 1992-93шш. рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь, Владислав Арӡынба иаԥшьгарала. Абиустқәа равтор – Витали Џьениа", - ҳәа еиҭалҳәоит Шьарида Ҭыжәба.

1912 шықәса рзы атеатр ахьгылоу аҭыԥ аҿы иргылан асасааирҭа "Гранд-отели" атеатр ахыбра ахаҭеи. Урҭ ихатәын 1-тәи агильдиа иатәыз аҭуџьар Иоаким Алоизи. Асасааирҭаҿы иҟан акрыфарҭа, амашьынақәа рыргыларҭа, асинематограф "Олимпия", аказино, адәқьанқәа ҩба.

1949 шықәса рзы Алоизи итеатр ахыбраҿы амцакра ҟалеит. Иблит атеатргьы, асасааирҭагьы.

1949 - 1952 шықәсқәа рзы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирылаган. Асасааирҭа ацынхәрас ахыбрақәа рыҩбагь еидҵаны иааузымдыруа атеатр ахыбра ргылан.

Ok, Sputnik

2016 жәабранмзазы аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны арубрика ҿыц Оk, Sputnik! аусура иаланаргеит. Апортал аԥхьаҩцәа ироуеит алшара ирҭаху азҵаара аашьҭны, аҭак аиура.

Азҵаарақәа рынашьҭра алшоит FB, VK, Instagram рахь.