Арадио

Џьынџьалԥҳа: ацхыраара ҟазҵарц зҭаху ауаагьы ацхыраара рыҭатәуп

Самара имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи апрактикатә конференциа "Белые ночи фандрайзинга" иалахәын Аԥсны ахаҭарнакцәагьы. Урҭ руаӡәк, агәыҳалалратә фонд "Ашана" аиҳабы Мактина Џьынџьалԥҳа арадио Sputnik астудиаҿы еиҭалҳәеит русура арманшәалараз аконференциаҿы ахалархәра ирнаҭаз атәы.
Sputnik
Џьынџьалԥҳа: ацхыраара ҟазҵарц зҭаху ауаагьы ацхыраара рыҭатәуп

"Ацхыраара ҟарҵарцаз агәаҳәара змоу анаплакуаа ргәаҳәара анагӡашьа уақәшәарцаз иаҭахуп ҷыдалатәи азнеишьагьы. Агәыҳалалратә ус аҿы иҟоуп еиуеиԥшым амеханизмқәа аԥара аизгаразы. Агәыҳалалратә фондқәа зегьы ацхыраара ҟазҵо рус арманшәалара, армариара иашьҭоуп. Иҟоуп еиуеиԥшым ахархәагақәа, аха доусы изыманшәалоу ҳәа есымша уашьҭазароуп, уԥшаалароуп. Иҟоуп ауаа ацхыраара ҟазҵарц зҭаху, аха уара иудыргало ахархәага ала ианзалымшо", – ҳәа азгәалҭеит Џьынџьалԥҳа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.