Какалиа: сынтәа еиуеиԥшым ашәырхкқәа рыла аҽаҩра беиа ҳазыԥшуп
© Sputnik
"Ацитрустә шәырқәагьы рыхәшәтәра, рыхьчара ҳаҿуп. Апты анырацәаз 34 нызқь тонн инацны аҳәаа иахыган. Сынтәа абри аамҭаз иҟаз аҭагылазаашьеи ҵыԥх иҟази еиҿурԥшуазар, апты зынӡа имаҷӡоуп ҳәа ауп ишаҳбо. Агәаанагара ҳамоуп аҽаҩра, амандаринеи егьырҭ ашәырхкқәеи иҭаҳгало ибзиан иҟалароуп ҳәа, ахаҭабзиарагьы ҳаракхароуп ҳәа. Араса иахьынӡазнеиз ала, ицәгьамкәа аҽаҩра ҟалароуп", - ҳәа азгәеиҭеит Какалиа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.