Sputnik апресс-центр аҿы Аџьар Ҟаԥшь апресс-конференциа мҩаԥысраны иҟоуп

Рашәара 25 асааҭ 12:00 рзы Sputnik амультимедиатә пресс-центр аҿы апресс-конференциа мҩаԥысраны иҟоуп "Гуманитарная миссия Международного Комитета Красного Креста в Абхазии: начало работ по эксгумации" атемала.
Sputnik

Апресс-конференциа иалахәуп:

  • Аԥсны иҟоу Жәларбжьаратәи Аџьар ҟаԥшь аилак амиссиа ахада Максим Забалуев
  • Аԥсны иҟоу Жәларбжьаратәи Аџьар ҟаԥшь аилак амиссиа ахада ихаҭыԥуаҩ Борис Казанба.

Жәларбжьаратәи Аџьар ҟаԥшь аилак амиссиа аусзуҩцәа фышықәса рыҩнуҵҟа ирылшеит 431-ҩык рыԥсыбаҩқәа рышьақәыргылара.

АИХ рхаҭарнакцәа ааҳаԥхьоит апресс–конференциахь (аҭыӡҭыԥ: ақ. Аҟәа, Пушкин имҩ. 16 (абизнес-центр "Гәдоу Плаза", 5 аихагыла).

Аккредитациа ҟалоит абри аҭел ала: +79409992191 Илона Авилова.

Азыҳәа анашьҭразы аелектронтә ҭыӡҭыԥ: i.avilova@sputniknews.com.

Иара убасгьы азҵаарақәа рынашьҭра ҟалоит Sputnik Аԥсны адаҟьахь (асоциалтә ҳа Facebook) ма аелектронтә ҭыӡҭыԥ i.avilova@sputniknews.com ахь.