Аԥснытәи аспортсмен Акадетцәа рыбжьара зых иақәиҭу ақәԥаразы ахԥатәи аҭыԥ ианашьахеит

Акадетцәа рыбжьара зых иақәиҭу ақәԥаразы Европа аиндаҭлара мҩаԥысит Италиа, ақалақь Фаенца рашәара 21 - 23 рзы.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 245– Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥснытәи аспортсмен Даниил Харчлаа Акадетцәа рыбжьара зых иақәиҭу ақәԥаразы Европа аиндаҭлара ахԥатәи аҭыԥ никылеит. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит аспортсмен иазыҟаҵаҩ Размик Алабиан.

Харчлаа Акадетцәа рыбжьара зых иақәиҭу ақәԥаразы Европа аиндаҭлараҿ 60 кьыла иҟаз ркатегориа даҵанакуан. Азыҟаҵаҩ иажәақәа рыла иара еиҳаз аҭыԥ иоур шауазгьы афиналбжаҿы Ермантәылатәи индаҭлаҩ дизымиааиит. Аиндаҭлара хыркәшахеит 3:3 ҳәа.

"Даниил 3:0 ҳәа аԥыжәара шимаз аҵыхәәтантәи 40 секунд агхақәа ихьит. Ҳара ҳгәыӷуеит ԥхьаҟа уи иҵегьы еиӷьны ихы ааирԥшып ҳәа", - иҳәеит Алабиан.

Акадетцәа рыбжьара зых иақәиҭу ақәԥаразы Европа аиндаҭлара мҩаԥысит Италиа, ақалақь Фаенца рашәара 21 - 23 рзы. Иара иалахәын 25  ҳәынҭқарра рхаҭарнакцәа.

Аԥснытәи аспортсмен Акадетцәа рыбжьара зых иақәиҭу ақәԥаразы ахԥатәи аҭыԥ ианашьахеит