Аррамаҵзурауаа арратә биатлон азы аиндаҭлара мҩаԥыргеит

Иреиӷьу аррамаҵзурауааи акомандақәеи иранашьоуп ахраҿақәеи аҳаҭыртә шәҟәқәеи.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 25 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи арратә база аррамаҵзурауаа раԥхьаӡа акәны аԥхынтәи абиатлон мҩаԥыргеит. Абри атәы ааицҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура ахада Вадим Астафьев.

Аррамаҵзурауаа арратә биатлон азы аиндаҭлара мҩаԥыргеит

Аицлабрақәа ирылахәыз еихшан команда-командала. Командацыԥхьаӡа ԥышьҩык-ԥышьҩык аруаа рылахәын. Зынӡа жәа-командак еиҿкаан.

Аррамаҵзурауаа арратә биатлон азы аиндаҭлара мҩаԥыргеит

Аицлабрақәа мҩаԥган аестафета аформат ала х-етапкны. Алахәылацәа 500 метра еиԥхныҩлеит, авинтовкақәа БИ7-2 рыбӷа иқәҵаны.

Афиниш аҿы 50 метра ахарара рыманы имҩаԥган ахысрақәа ҳәа аанацҳауеит апресс-маҵзура.

Аррамаҵзурауаа арратә биатлон азы аиндаҭлара мҩаԥыргеит

Аладатәи арратә округ акомандаҟаҵаҩцәа иазгәарҭеит аруаа разыҟаҵара ҳаракы, арҟәшақәа рҿаԥхьа иқәгыло адҵақәа иааинырсланы анагӡара шрылшо.

Иреиӷьу аррамаҵзурауааи акомандақәеи иранашьоуп ахраҿақәеи аҳаҭыртә шәҟәқәеи.

Аррамаҵзурауаа арратә биатлон азы аиндаҭлара мҩаԥыргеит