Афорум "Армия-2019" аофициалтә информаҵзураны иазыҟалоит МИА "Россия сегодня"

Ахәбатәи жәларбжьаратәи арра-техникатә форум "Армия-2019" мҩаԥысраны иҟоуп рашәара 25 - 30 рзы Москватәи аобласт апарк "Патриот" аҿы (аҳаиртә баӷәаза Кубинка, аполигон Алабино).
Sputnik

АҞӘА, рашәара 26 - Sputnik. Ахәбатәи жәларбжьаратәи арра-техникатә форум "Армия-2019" МИА "Россия сегодня" аофициалтә информаҵзураны иазыҟалоит МИА "Россия сегодня". Ахәбатәи жәларбжьаратәи арра-техникатә форум "Армия-2019" мҩаԥысраны иҟоуп рашәара 25 - 30 рзы Москватәи аобласт аҿы.

Аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik афорум жәларбжьаратә информациатә партниорны иазыҟалеит.

Афорум аҟынтәи еиҳа актуалра злоу ажәабжьқәа рыԥхьара алшоит РИА Новости, асаит ria.ru.рҟны. Аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik афорум аҳәаанырцәтәи алахәылацәа рзы англыз бызшәала ажәабжьқәа еиҿнакаалоит, РИА Новости – урысбызшәала аинформациа еиҿнакаауеит. Иуникалу арт-обиект, амедиаколонна "России сегодня", Sputnik, ҷыдала аус рыдулан афорум "Армия -2019" азы.

Афорум "Армия-2019" хыркәшахоит рашәара 30 рзы. Иалахәуп 120 ҳәынҭқарра. Афорум апрограммаҿ иазыԥхьагәаҭоуп 170 инарзынаԥшуа уснагӡатә. Аиҿкааҩца ишазыԥхьагәарҭо ала афорум иаҭаараны иҟоуп миллионҩык инареиҳаны.