Ҟазшьак-ҟазшьак рыман: ахԥатәи "Аԥсуа литература ашедеврқәа" ахәаԥшцәа идырбан

Рашәарамза 25 рзы Самсон Ҷанба ихьӡ зху аԥсуа драматә театр асценаҿы идырбан "Аԥсуа литература ашедеврқәа" ахԥатәи ақәыргыламҭа. Аԥсуа поезиа даҽа зныкгьы асценатә ԥсҭазаара шаҭахаз, ахәаԥшцәа ишрыдыркылаз атәы ианҵамҭаҿы еиҭеиҳәоит апроект зҽалазырхәыз Sputnik акорреспондент Аинар Ҷыҭанаа.
Sputnik

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

Раԥхьаӡакәны "Аԥсуа алитература ашедеврқәа" аԥсуа драматә театр аҟны иқәыргылан абҵарамза 29, 2018 шықәсазы. Жәабран 26, 2019 шықәсазы аԥсуа поезиа абзиабаҩцәа ирыдгалан ари ақәыргыламҭа аҩбатәи ахәҭа. Аха арежиссиор қәыԥш Гәдиса Ҭодуа апоезиа аҳәаақәа ԥкым ҳәа азыԥхьаӡаны иқәиргылеит ахԥатәи ашедеврқәагьы.

Аԥсуа литература бзианы ижәдыруама?

Ихәыцу аԥсҭазаарақәа

Асценаҿы актиорцәа зыԥхьоз ажәеинраалақәа досу рхатәы сценатә хаҿрақәа рзыԥшаан аҟнытә, актәи ацәырҵра инаркны ахәаԥшҩы ибла иабоз ахҭысқәа дшыргәыланахалоз убарҭан. Иазгәаҭатәуп уи зыбзоуроу актиорцәа рыхәмаршьеи исахьаркны раԥхьашьеи мацара шракәым: адекорациа, амузыка, алашара уҳәа, ганрацәала ҩаӡара бзиала иазырхиан ари ақәыргыламҭа.

"Аԥсуа литература ашедеврқәа» хәы хәҭак рыла ишьақәгылан. Актәи ахәҭаҿы Гәдиса Ҭодуеи, Гәында Ажьибеи, Леон Барчани, Асҭан Агрбеи инарыгӡеит аԥсуа поезиа аклассикцәа ражәеинраалақәа. Ари ахәҭаҿы ахәаԥшҩы уажәаԥхьагьы иаҳахьаз ажәеинраалақәа рысценатә ԥсҭазаара дагәылаԥшыртә, даҽа блакала дрыхәаԥшыртә алшара иоуит. Араҟа ирацәан ахаҿсахьақәа: зыԥсадгьыл агәаҟрақәа зызхымго ауаҩы, алашьцараҿы амҩа иашьҭо афырԥҳәызба, ԥсаатәҵас зымҵәыжәҩақәа еиҵызхуа Аԥсынтәыла уҳәа.

Ушьа еилазыршуа испаниатәи акәашарала ихацыркын абзиабаратә лирика иазкыз "ашедеврқәа" аҩбатәи рыхәҭа. Актәи ахәҭаҿы иаԥхьоз актиорцәа рыдагьы, аҩбатәи ахәҭаҿы аклассикатә жәеинраалақәа "рыманы" ицәырҵит: Аԥсны Зҽаԥсазтәыз артист Кьесоу Ҳагба, актиорцәа ҿарацәа: Лана  Џьапуаԥҳа, Лана Лашәриаԥҳа, Ашьна Ҳагԥҳа, Руслан Амҷба.

Ари ахәҭаҿгьы хазы игоу ажәеинраала - егьырҭ ирыламҩашьоз хазы игаз аԥсҭазаара аарԥшра алшон. Ақәыргылаҩгьы хықәкы хадас имаз уи акәын. Убри аҟнытә "ашедеврқәа" аҩбатәи рцыԥҵәахаҿгьы ахаҿсахьақәа рацәахеит, "ԥсабаралагьы" урҭ еиуеиԥшымызт. Ара иҟан аҭыԥҳа ԥшӡа дызҭакыз аихац; аҳкәажә лгәыргьынтәарҭа; адәыӷбаанҿасырҭаҿ иццакы-ццакуа еивыҟьҟьоз ауаа; хыхь ихалан-илбаауаз, ааԥынтәи ақәа ицәхалаз ауаргьала уҳәа. Ажәакала, "ашедеврқәа" рыхәаԥшразы атеатр ахь имҩахыҵыз игәы ҿыӷьыртә иҟамызт аҭагылазаашьа.

"Аԥсуа литература ашедеврқәа" адраматә театр иҩныҩуан

Ацыԥҵәахак аарԥшра

Убас иҟалеит, ақәыргыламҭа ахԥатәи ахәҭа азоужьхеит ари анҵамҭа автор иажәеинраалақәа рцикл. Хаҭала аԥсуа поезиа атеатртә ԥсҭазаара сахьахәҭакхаз кыр аамҭаӡа гәадурала исгәаласыршәалоит. Уи адагьы, атеатр атехникатә персонал, абаҩхатәра ду злоу актиорцәа қәыԥшқәа, зуз иазҟазоу арежиссиор, Аԥсны Зҽаԥсазтәыз артистцәа – абарҭ зегьы мышқәак ирыдамзаргьы аус рыцура агәахәара дуи, ирацәамзаргьы, аԥышәеи сзынрыжьит, ҳәарада. Мышқәак ракәзаргьы хыхь-хыхь акәымкәа аҩнуҵҟантәи исбарҭахеит актиорцәа рыԥсҭазаашьа, абжьааԥнытәи русуратә мшы асахьанҵа.

Аҽазыҟаҵара шсыгымхазгьы ақәгылара аҽны набыцрада исзалымҵӡеит, зегьакоуп . Уи азы асценахь ацәырҵрагьы аҭахымхаӡеит. Амикрофон ааганы иансымӷарҵа, сцәырҵра шааигәахоз сдырны шәара хәыҷык ахьсызцәырҵыз иахҟьазар акәхап, ишакәымыз самхақәыԥсычҳан, секундабжак аҟара ԥшаӷьык абжьеиԥш азал ныҩнсырцәажәааит. Аха гхадагьы ҟалашьас иамааз, еиҳаракгьы уаназҟазам ҳәа иаразнак схала схы насҟажан, асценахь сҿынасхеит. Асценаҿы, цәгьам-бзиам, еиҳа сманшәалахеит. Дара актиорцәа рыбжагьы ахәмарра сылымшеит, аха ишсылшоз ала инасыгӡеит арежиссиор идҵа: апоет ирҿиаратә уада аҩныҵҟа имҩаԥысуа иԥсҭазаара ацыԥҵәахак аарԥшра.

Гунда Сақаниа лажәеинраалақәа рцикл  ала ишьақәгылан "ашедеврқәа" аԥшьбатәи рыхәҭа. Лара иаалырԥшуан еснагь амҩа иқәгылоу, аҿыцрақәа ирышьҭаланы адунеи ахи-аҵыхәеи еимыздо апоет ихаҿсахьа. Лара лцәырҵрагьы иҷыдоу ҟазшьак азииӡбеит арежиссиор: егьырҭ реиԥш асцена аганахьала акәымкәа, чемодан ԥшӡак кны, азал аҟынтәи, лажәеинраала даԥхьо дхеигалеит. Абасеиԥш есцәырҵра, есжәеинраала ҟазшьак-ҟазшьак ныҟәыргон, ҵакык-ҵакык досу иргәылаҵәахын.

Баҭал Ҳагәышь: асахьаркыратә литература аиҭагаҩцәагьы азыҟаҳҵоит

Аҵыхәтәантәи ахәҭаҿы иара убас ицәырҵит Аԥсны Зҽаԥсазтәыз артистцәа Маиа Џьыкырбеи Ҭеимыраз Чамагәуеи. Џьыкырԥҳа иналыгӡеит Саида Делԥҳа лажәеинраалақәа. Чамагәуа дрыԥхьеит Геннади Аламиа иажәеинраала "Нарҭашәа", Таиф Аџьба иажәеинраала "Сусқәа неилажьны…".

Избада, изаҳада?

Егьырҭ ашедеврқәа рҟны аасҭа кыр еиҳа ахәаԥшцәа шмаҷыз, аԥхьаӡара уамак иазҟазамгьы ибаратәы иҟан. Ақәыргылаҩ Гәдиса Ҭодуа уи зыхҟьо ҳәа игәы иззаанаго, апроект иамоу аӡыргара иақәнагоу аҩаӡара аҟынӡа иахьзымнаӡо ауп. Аха ақәыргыламҭа ахаҭа ахәшьара аҭо, иара иазгәеиҭеит еиҳа-еиҳа хаҭабзиарала ишеиӷьхо, ашедеврқәа есааира шьаҿак ԥхьаҟа ишыҟарҵо.

"Ауадаҩрақәа цәырҵуан актиорцәа досу ирнаалоз атекстқәа рзалԥшаараҿы. Иара убас егьырҭ аусура аганқәа рҿгьы акгьы мариамызт, аџьабаа батәхеит, ҳәарада. Аха зегьы ирыцкны ҳара иахьа иҳамоуп алҵшәа – уи қәҿиарала имҩаԥысыз ақәгылара ауп. Ҳгәыӷуеит даҽазны ахәаԥшцәагьы рацәаҩхап ҳәа", - иҳәеит иара.

Аԥсны Жәлар рартист Виолетта Маан ахә ҳаракны илшьеит аԥсуа поезиа асценахь ацәыргара аидеиа ахаҭа, насгьы иалылкааит арежиссиор Гәдиса Ҭодуа ихәмаршьа, иқәыргыламҭа иадибалаз аџьабаа.

"Аҿаргьы иахьа ибзианы ажәеинраалақәа ирыԥхьеит, амала дара иргәалашәалар рыхәҭоуп ҵыхәаԥҵәарада рхы аус адырулалар шакәу. Убасҟан ауп урҭ еиҳагьы аиӷьхара анрылшо. Ахәаԥшцәа  рхыԥхьаӡара атәы ҳҳәозар, сара сзы иџьашьахәуп иахьа азал ахьымҭәыз", - иазгәалҭеит Жәлар рартист.