"Рубин" аҿы ихәмаруа аԥсуа шьапылампыласыҩцәа акомандатә ԥыжәара иалахәуп

2019 шықәса рзы Урыстәыла, Приволжиатәи афедералтә округ аспартакиада аҩбатәи аетап ҩаԥысуеит Башкортостан, рашәара 18 - 26 рзы.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 27 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ашьапылампыл азы Ҭаҭарстан еизго акоманда аиааира агеит 2019 шықәса рзы Урыстәыла, Приволжиатәи афедералтә округ аспартакиада аҩбатәи аетап аҟны.

Аԥснытәи ашьапылампыл асыҩцәа казантәи "Рубин" аҟны ихәмарлоит

Аԥснытәи ашьапылампыласыҩцәа Гарри Лагәлааи Аксенти Чалигааи аҵара рҵоит казантәи "Рубин" ашьапылампылтә Академиаҿ.

Алхратә етап мҩаԥысуан ақалақь Салават астадион "Имени 50-летия Октября" аҿы. Аицлабра иалахәын 2004 рзы ииз аспортсменцәа. Ҭаҭарстантәи акоманда агәыԥ "А" аҿы Оренбургтәи, Улиановсктәи, Пензатәи аобластқәа, Удмуртиеи Чувашиеи ркомандақәа ирыцыхәмаруан.

Агәыԥ "Б" аҿы еиндаҭлон: Самаратәи аобласт, Ареспублика Башкортостан, Нижегородтәи аобласт, Пермтәи атәылаҿацә, Ареспублика Мари Ел, Саратовтәи аобласт.

"Актәи ахәмарра 6:1 ҳәа ихҳаркәшеит. Ахәмаррақәа зегь уадаҩын аха зегь раасҭа иуадаҩыз афиналтә хәмарракәын", - еиҭеиҳәоит Аксенти Чалигаа.

Аспартакиада мҩаԥысуанаҵы Аксенти х-мпылк ҭаиршәит.

"Рубин" аҿы ихәмаруа аԥсуа шьапылампыласыҩцәа акомандатә ԥыжәара иалахәуп

Аксенти Чалигаа иажәақәа рыла аспартакиада ахԥатәи аетап мҩаԥысраны иҟоуп ԥхынгәымзазы.

Гарри Лагәлааи Аксенти Чалигааи казантәи "Рубин" ашьапылампылтә Академиа иҭалеит Урыстәыла афырхаҵа Владислав Духин ихьӡ зху атурнир аҿы рыхәмарра ашьҭахь. Уа иҟаз "Рубин" ахаҭарнак урҭ анаԥхьара риҭеит Казанҟа.