Урыстәылатәи БТР Аԥсны ашьхақәа рҿы ахысрақәа мҩаԥыргон

Арратә ҽазыҟаҵарақәа ирылахәын 500-ҩык рҟынӡа аррамаҵзурауаа, ахархәара рыҭан 50 ак арратә техника, БТР-80 еиԥшу акәылӡтәы машьынақәагь абрахь иналаҵаны.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 27 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи арратә база иатәу акәылӡтәы машьынақәа БТР-82АМ ашьхатә полигон Ҵабал аҿы аметодика ҿыцқәа рыла арратә ҽазыҟаҵараан ахархәара рырҭон ҳәа еиҭеиҳәоит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура аиҳабы, аполковник Вадим Астафьев.

Рауль Ҳаџьымба Аԥсны-урыстәылатәи аицҽазыҟаҵарақәа реихшьаала ҟаиҵеит

Аҽазыҟаҵарақәа раан аррамаҵзурауаа атактика-хысратә зыҟаҵарақәа ркомплекс мҩаԥыргеит. Амаршрут аҿы иазыԥхьагәаҭан БТР-82АМ ала ахысрақәа: ишгылаз, ианеиҭаҵуаз, аҭыԥ аҟынтәи иандықәлоз.

Иара убасгьы дара дҵаны ирзықәгылан ихараны иҟоу ахықәкқәа ркыдыршәара, илаҟәны иҟоу ахықәкы - аверталиот акажьра. Ахықәкы ахарра 2 километрак иҟан.

БТР-80 ахархәаразы маҷк иажәхьаны иԥхьаӡоуп азы урҭ рыԥсахраны иҟоуп БТР-82АМ рыла.

БТР-82АМ иақәгылоуп 300-ӷәӷәара змоу аматор. Уи иалнаршоит сааҭк ала 100 километрак ахысра. БТР ҿыц акапан 15,4 тонна инаӡоит..