АҞӘА, рашәара 28 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Ацентртә алхратә комиссиа рашәара 27 рзы ашәҟәы иҭарҩит Асҭамыр Какалиа атәыла ахадас икандидатура ықәзыргылаз аԥшьгаратә гәыԥ. Абри атәы Sputnik иазеиҭарҳәеит Аԥсны Ацентртә алхратә комиссиаҿ.
Аԥсны Ацентртә алхратә комиссиа уаанӡа ашәҟәы иҭаргалахьан Алмас Џьапуа икандидаттура ықәзыргылаз аԥшьгаратә гәыԥи Леонид Ӡаԥшьба икандидатура ықәзыргылаз аполитикатә партиа "Акзаареи".
Аԥшьгаратә гәыԥқәа ҩ-нызқь иреиҵамкәа напынҵамҭа еизыргароуп акандидат ихьӡ аҳәаразы.
Аполитикатә партиақәа аизара ду мҩаԥганы ркандидат далырхыроуп.
Ареспублика иахьаҵанакуа алхрақәа рымш аҽны аус рулоит 152 алхырҭатә ҭыԥ. Аԥсны ахадас дҟалар илшоит Аԥсны атәылауаҩ, милаҭла иаԥсыуоу, аҳәынҭқарратә бызшәа цқьаны издыруа, қәрала 35 шықәса иреиҵам, аха 65 шықәса иреиҳам, алхратә зин змоу, аҵыхәтәантәи ахәышықәса иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо.
Ахада далырхуеит ҿҳәарас хәышықәса иҭаны. Убри аан ҩынтә инеиҳаны инеиԥынкыланы иалхра ҟалом. Аамҭакала далырхуеит акандидат зыӡбахә иҳәо ахада ихаҭыԥуаҩ.
Рашәара 26 рзы Ацентртә алхратә комиссиа акандидатцәа ықәзыргыло аԥшьгаратә гәыԥқәеи аполитикатә партиақәеи рҟынтәи ашәҟәқәа рыдкылара иалагеит. Ашәҟәқәа рыдкылара хыркәшахоит абжьыҭира арыцхә 40 мшы шагу, ԥхынгәы 17 рзы. Ашәҟәқәа ААК ианаднакыла ашьҭахь жәамш урҭ ҭнаҵаауеит. Акандидатцәа рҭаҩра ԥхынгәы 26 иахымгакәа имҩаԥгатәуп.