Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистр ихаҭыԥуаҩ ҿыц даҭоуп

Дмитри Хагәышь Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистр ихаҭыԥуаҩ ҿыцс дҟарҵеит, уаанӡа уи амаҵураҿы дыҟан Владимир Дауров.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 28 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Аминистрцәа реилазаараҟны Дмитри Хагәышь Аԥсны Ақыҭанхамҩа аминистр ихаҭыԥуаҩыс дҟарҵеит рашәара 28 рзы имҩаԥысуаз аилатәараҿы.

Ҳаџьымба: Урыстәыла Аԥсны ақыҭанхамҩа иацхраалоит

Дмитри Хагәышь диԥсахит уаанӡа Аԥсны Ақыҭанхамҩа аминистр ихаҭыԥуаҩыс иҟаз Владимир Дауров.

Дмитри Хагәышь диит лаҵара 19, 1980 шықәса рзы Аҟәа. 1997 шықәса рзы Гәдоуҭатәи абжьаратә школ далгеит. 2002 шықәса рзы ААУ, агро-нџьыныртә факультет далгеит. 2002 – 2003 шш. рзы аррамаҵзура дахысуан.

2006 – 2011 шш. – Аԥсны Ақыҭанхамҩа аминистрра агрономиа аҟәша аҟаза хада.

2011 шықәса инаркны - Аԥсны Ақыҭанхамҩа аминистрра агрономиа аҟәша аиҳабы.