Арадио

Аџьапуа Шәача аиааира згаз Алан Гегенаа изы: академиатә шәаҳәара аҟыбаҩ ҷыда аҭахуп

Аԥсны Жәлар рартист Тото Аџьапуа арадио Sputnik аҿы еиҭеиҳәеит аоператә шәаҳәаҩ қәыԥш Алан Гегенаа аҟыбаҩ ҷыда шилоу, иара убас Шәача аицлабраҿы актәи аҭыԥ шааникылаз.
Sputnik

Шәача имҩаԥысуаз ашәаҳәаратә еицлабраҿы аԥсуа шәаҳәаҩ қәыԥш Алан Гегенаа актәи аҭыԥ даԥсахеит. Алан дазыҟалҵоит Лиудмила Кәыпрааԥҳа, иара 15 шықәса ихыҵуеит, 5 шықәса ҵуеит аоператә шәаҳәара иҽазыҟаиҵоижьҭеи. 

Аџьапуа Шәача аиааира згаз Алан Гегенаа изы: академиатә шәаҳәара аҟыбаҩ ҷыда аҭахуп

"Сара еиҳарак сзеигәырӷьо - аԥхьаҟа аоператә шәаҳәаҩык иаҳасабала иара даара аиаша мҩа дшықәлаз унарбартә иҟалеит иқәгылара. Аӡбара иалахәыз зегьы иҳадырныҳәалеит. Уажәы иара актәи аҭыԥ иоуит академиатә шәаҳәаразы. Арҵаҩы изы ари мал дууп. Академиатә шәаҳәара аҟыбаҩ ҷыда аҭахуп, џьоукы жьымдырушәа ирыԥхьаӡоит, аха аоператә шәаҳәарыла амҩа иқәлаз иарбан шәаҳәаразаалакгьы аҿы ҳаракырала ихы ааирԥшуеит", – ҳәа азгәеиҭеит Аџьапуа. 

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.