Арепатриациа

Нураи Ашəԥҳа: Аԥсны - сара сдунеи, саԥсыуаны сзыхшаз сыԥсадгьыл гәакьа

Ҭырқəтəыла иҟоу аԥсуа қыҭа Џьгьарда инхо Нураи Ашəԥҳа лыԥсадгьыл ахь илымоу агәыбылреи агəҭахəыцрақəеи, иара убас Ашәы Данаҟаи изку ашәақәа лаб Феҳми лареи Аԥсны ахь ирымоу агәхьаагара шыхнаҽуеи атәы шәыдылгалоит Сырма Ашәԥҳа лматериал аҟны.
Sputnik

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Аԥсадгьыл ахьаагара, агəыбылра, уи иадҳəалоу ахəыцрақəа, агəалашəарақəа, ԥсҭазаара дук гəылзырҭəаауа, аԥшшəы ахазҵо, агəашьамх аҵазҵо, аҭоурых уазхьазырԥшуа... Ҭырқəтəыла иҟоу Џьгьарда захьӡу аԥсуа қыҭаҿы инхо 95 шықəса зхыҵуа Феҳми Ашəба иҭаацəа еснагь Аԥсынтəыла иамадан, рабшьҭра рџьынџь иазҿлымҳан, иазҿлымҳауп иахьагьы.

Феҳми Ашәба: атәым дгьыл иқәынхо аԥсуа илахьынҵа ус ажәала аиҭаҳәара уадаҩуп

Аԥснеиԥш, уи анҭыҵгьы иӡбахə бзианы ираҳахьеит, иахьагьы ихьӡыртəны, насгьы ашəаны зыӡбахə рҳəо Ашəы Данаҟаи ифырхаҵара. Данаҟаи дихылҵшьҭроуп атəым жəҩан аҵаҟа зыԥсҭазаара мҩасуа аԥсуа бырг хатəра Феҳми Ашəба. Иара ԥшьҩык ахшара драбуп, ҩыџьа аԥацəеи - Беқьыр, Али, ҩыџьа аҭыҧҳацəеи - Нураи, Иулқьу.  Аԥсны Аџьынџьтəылатə еибашьра анцоз аамҭазы, арҭ аишьцəа рыԥсадгьыл бџьаршьҭыхла ирыхьчеит, аиҳəшьцəа ракəзар, еснагь гəыла-ԥсыла рҭоурыхтə ԥсадгьыл иадҳəалоуп.

Нураи Ашəԥҳа: Аԥсны - сара сдунеи, саԥсыуаны сзыхшаз сыԥсадгьыл гәакьа

Абраҟа инаҵшьны исҳəарц сҭахуп, Аԥснытəи аҳəынҭқарратə телехəаԥшраҿы имҩаԥызгоз адырраҭара "Агəыӷра" аиреи ашьақəгылареи аҟны арҭ аҭаацəа рыбзоура акыр ишырацəоу, ҷыдала Нураи Ашəԥҳа. Ахааназы акамера знапаҟны изымкыцыз Нураи Ашəԥҳа Ҭырқəтəыла мызкы сыҟанаҵы дсыцын, аҭыхрақəа лара лакəын имҩаԥызгоз, уи даҽа ҭоурыхуп, саназааҭгылаша ҟалап...

Уажəы ишəыдызгало анҵамҭа аҩра сгəазырԥхаз ахҭыс шәасҳәоит. Ааигәа аусураҟынтə аҩны сшааиҵəҟьаз еиԥш, сҭел абжьы геит. Иаашьҭыхны снахəаԥшызар, избеит Нураи исзаалышьҭыз авидеонҵамҭа. Усгьы аҵаҩуп: "1991 шықəса рзы Аԥснынтə иааҳгаз акассета дазыӡырҩуеит саб Феҳми Ашəба. Иаҳəо Данаҟаи Ашəба изку ашəақəа роуп.  Ҭырқəтəыла, Џьгьарда, 26.06.19 ш.".

Нураи Ашəԥҳа: Аԥсны - сара сдунеи, саԥсыуаны сзыхшаз сыԥсадгьыл гәакьа

Авидео инашьҭарххны иааит даҽа фотосахьакгьы, убригьы Аԥсны аӡбахə зҳəоз акакəын, изызкызгьы Нураи лыбжьала иаашьҭын. Урҭқəа шəаргьы ишəеилсыркаарц сыӡбеит, Нураи ҳаиҿцəажəараҟны илҳəан еиԥш, арҭқəа зегьы ҭоурыхуп.

Арҭ аматериалқəа ансоу адырҩаҽныҵəҟьа Нураи аҭел сылзасит, ҩаԥхьа аҭоурых ашьҭа дхыларц сҭаххеит, исҭаххеит шəаргьы саргьы ари амҩа ԥшьа ҳлыцанысырц.

"Саб Аԥсны иԥсеиԥш бзиа ибоит, игəхьааигоит. Зынӡа игəы ианыҵалалак, ибжьы ааҭыганы сызҿиҭуеит: "Нураи, акассета амагнитафон инаҿаҵеи, аԥсышəала шьҭыбжьык саҳап, ашəак сназыӡырҩып", - ҳəа. Шамахамзар есыҽны дазыӡырҩуеит. Нас иара ихала ибжьы ныҭганы ашəаҳəара дналагоит. Абас ихиҽуеит Аԥсныҟа имоу ихьаагара", - дҳацəажəон Нураи Ашəԥҳа.

"Џьанаҭ сымҩахыҵит"

Иазгəасҭарц сҭахуп, ахшара реиҵбы Али Ашəба, зегь раԥхьа Ҭырқəтəылантəи Аԥсныҟа иааны иреиҳау аҵараиурҭа иҭалаз ҳџьынџьуаа дшыруаӡəку. Анаҩс аишьцəеи аиҳəшьцəеи рҽеибаркны рыԥсадгьыл иаҭааит 1991 шықəса рзы,  Аԥсны Жəлар рартист Кандид Ҭарба Ҭырқəтəыла еиҿикааз акəашаратə ансамбль иалахəны. Хымԥада, урҭ 24 мшы Аԥсны рыҟазаара иахьа ианазхəыцуа, иҟалап, лакəҵас ирзааиуазар, зхаҵара уадаҩу хəыҷтəы ԥхыӡк ирзаҩызазар.

"Ансамбль иалаз Алии Иульқьу ракəын, Беқьыргьы саргьы ҳрыцны Аԥсныҟа ҳамцар ҳамуит. Урҭ амшқəа ҳара ҳаԥсҭазаара иузаҟəымҭхо мшқəаны иаанхеит. Ҭырқəтəылаҟа ҳанаауаз, ахаҳəқəа инадыркны иааҳамгаз акгьы ыҟам, ҳгəазхара иҳазбомызт иаҳԥылаз аԥсуаа, ҳнапқəа еиҵаҳхыр, иҳазгəыдыҳəҳəаломызт ҳ-Аԥсынра, избанзар дунеи дук акəа ҳҭаршəын, уи адунеи - сара с-Аԥсны акəын, сара саԥсыуаны сзыхшаз сыԥсадгьыл гəакьа", - гəыблыла дҳацəажəон Нураи.

Нураи Ашəԥҳа: Аԥсны - сара сдунеи, саԥсыуаны сзыхшаз сыԥсадгьыл гәакьа

Ҭыԥла еицəыхароу, аха гəыла еизааигəоу аԥсуаа, егьа аамҭа царгьы, ирыбжьоу агəыбылра ыӡуам, еибаԥшаауеит, еигəныҩуеит аишьцəа, маҷ-маҷ акəзаргьы, рыԥсадгьыл иазыхынҳəуеит ҳџьынџьуаа рхылҵшьҭрақəа.

"Аҧсныҟа ҳара автобусла ҳнеит, ҩымш амҩа ҳақəын Баҭым ала. Ҳанаауазгьы, ҩымш ҳашҵəыуоз ҳааит. Уҭаацəа акыраамҭа ианыумбалак угəы шырзыбылуа еиԥшхеит, Аҧсныҟа ҳнеирагьы, ҳахынҳəрагьы. Аԥсны сахьынаԥшы-ааԥшуаз зегьынџьара сара истəызшəа сзааиуан, унхарҭа аҭыԥ азы аршаҳаҭга шумоу еиԥшмызт уи. Усҟантəи сцəаныррақəа ус ажəала исзеиҭаҳəом..." - дҳацəажəон Нураи.

Ирҳəоит, ауаҩытəыҩса игəҭакқəа анынаӡо, жəҩангəашəԥхьарак изаатызшəа шибо. Убри иаҩызахеит Нураи лашьцəеи, лаҳəшьеи, лареи рыԥсадгьыл ахь раара.

"Данаҟаи даауеит": Аԥсни Ҭырқәтәылеи еицырдыруа Ашәы Данаҟаи иҭоурыхқәа

"Ԥхыӡла иубаз лакəк иаҳзаҩызахеит, иҳазхаҵомызт акраамҭа. Усҟан сара абанк аҿы аус зуан, есымша ус сҳəон, тəанчара санцалак фымз Аԥсны сыҟазаауеит, фымз Ҭырқəтəыла сыҟазаауеит, нас зынӡа уахь нхара сцоит", - ҳəа. Аха, зны-зынла иухəыцуа анымнаӡогьы ыҟоуп, нас ус ишоуп аԥсҭазаара, иузаанаго аҭагылазаашьа уацныҟəароуп, иуҭаху зегьы узыҟаҵаӡом", - ҳəа азгəалҭоит Нураи Ашəԥҳа.

Феҳми Ашəба иҭаацəа иахьа инхоит иара иабшьҭра Аԥснынтə ианыхҵəоз иахьынхоз ақыҭа ахьӡ зху Џьгьарда ақыҭаҿы. Ииашаҵəҟьаны, уи ақыҭа акыр Аԥснытəи ақыҭа ахаҿра амоуп, иаҵəабӷьыла иҭалаҳауп, уаҟа аԥсы ҭоуп  аԥсуара. Хаҭала изныкымкəа саҭаахьеит, сыблала избахьеит, исзымбатəбарахо сҟалахьеит, Аԥсны акəу Ҭырқəтəыла акəу сахьыҟоу сзеилмыргауа.

Нураи Ашəԥҳа: Аԥсны - сара сдунеи, саԥсыуаны сзыхшаз сыԥсадгьыл гәакьа

"Ашəы Данаҟаи иоуп ҳара ҳазхылҵшьҭроу. Сара сабду Шьмаф ихьӡын, уи иаб Гəызиа, Гəызиа иаб Мырза ихьӡын, убри иаб иоуп Данаҟаи. Хышықəса раԥхьа Аԥсны сыҟан. Еицыз ҳцаны иаҳбеит уатəи Џьгьарда ақыҭа, Ашəы Данаҟаи иҭыԥ. Азныказы сгəы исыҵанаҳəоз сзеилыргомызт. Нас, акыраамҭа ашьац, аҳаскьынра сахəаԥшуа салагеит, убасгьы схəыцраҿы иааит, саргьы абарҭ аҵиаақəа реиԥш Аԥсныдгьыл сықəиааит ҳəа. Зны сыччеит, даҽазных сҵəыуеит.  Ҳахьынхоз аҭыԥ ахь ҳанца, ишьҭысхыз уатəи анышə счемодан иҭасҵан, ауха сыцəеит. Ашьыжь асааҭ фба реиԥш сааԥшит, аха сахьыҟаз сзеилыргомызт, анаҩс агəра згеит сҭыԥ аҟныҵəҟьа сшааԥшыз..." - дҳацəажəон Нураи Ашəԥҳа.

"Аԥсынтəыла иахҭнагахьоу иаҳдыруа ауп, уажəшьҭарнахыс иббарц шԥабҭаху, насгьы Аԥсадгьыл закəуи бара бзы?" - ҳәа иҟасҵаз азҵаара аҭакс абас салҳəеит Нураи:

"Аԥсны - сара соуп, Аԥсны ыҟамзар, саргьы сҟаломызт... Аибашьра Анцəа иҟаумҵан. Аԥсназы, ҳахьыҟазаалак, аус ҳуроуп, анс ҟалома, арс ҟалома ҳəа ҳамхəыцроуп, досу иҳалшо ҟаҳҵароуп, ԥаралоума, хшыҩлоума ҳаидгылароуп", - лыгəҭахəыцрақəа ҳацеиҩылшон Нураи Ашəԥҳа.

Ҳаиҿцəажəара акыр аамҭа имҩасуан саҳəшьеи сареи. Аҵыхəтəаны ус лҳəеит: "Сырма, саб дбацəажəарц иҭахуп", - ҳəа. Аҭел аҿы ибжьы геит Феҳми-амџьа: "Салам бымоуп, саҳəшьа хəыҷы. Шəыбзиоума Аԥснаа? Зегьы сысалам сызрыҭа", - нас агəыԥшаара иаԥнагеит... Ашьҭахь, Нураи изласалҳəаз ала, акыр аамҭа илаӷырӡқəа аауан...

Нураи Ашəԥҳа: Аԥсны - сара сдунеи, саԥсыуаны сзыхшаз сыԥсадгьыл гәакьа

Ҳауаажəлар рлахьынҵа ахааназы уаҳа атəым жəҩан аҵаҟа имҩамсааит. Атəым дгьыл аҿы рылаӷырӡ камҭəааит абыргцəа, рыԥсадгьыл абара иазгәышьратәы аҭагылазаашьа рмоуааит аҿар. Аԥсадгьыл агəеисыбжь аус ауеит, уи анҵыра ацызҵо амшын-нырцə иҟоу ҳауаажəлар ирызгəыкуеит, ирзыԥшуп Аԥсныҟа!