Арепатриациа

Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа ԥсшьара ҳәа иааит 50-ҩык ҳџьынџьуаа хәыҷқәа

Иахьа, ашьыжь, Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа ԥсшьара ҳәа иааит 50-ҩык ҳџьынџьуаа хәыҷқәа. Урҭ рҭоурыхтә ԥсадгьыл аҿы иҟазаауеит жәамш. Абри атәы ааицҳаит ажурналист Сырма Ашәԥҳа дзыҿцәажәаз Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Вадим Ҳаразиа.
Sputnik

Cырма Ашәԥҳа, Sputnik

Ԥхынгәымза 1 инаркны 10-нӡа рабдуцәа рџьынџь аҟны рыԥсшьара мшқәа рхыргоит раԥхьаӡа акәны зҭоурыхтә ԥсадгьыл иаҭааз ҳџьынџьуаа хәыҷқәа. Урҭ иаха иныҳәа-ныԥхьаны рҭаацәеи, рҭынхацәеи, реиҳабацәеи Аԥсныҟа амҩа иқәырҵеит.

Аԥсадгьыл ахь: Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа хәыҷқәа ԥсшьара ҳәа Аԥсныҟа иаауеит

"Агәыԥ аилазаараҟны иҟоуп зынӡа 50-ҩык ахәыҷқәа. Урҭ рахьтә 35-ҩык Аԥсуа Федерациа иалоу ахеидкылақәа иҳарҭаз асиа аҟынтә. Сҭампыл, Болу, Каисери, Бурса, Енегиоль, Каилар, Сақариа, Анкара, Туфан-бели уҳәа адернеқьқәа рҟынтәи ахәыҷқәа. Иара убас, 15-ҩык ахәыҷқәа Кавказтәи Афедерациа еиқәнаршәаз асиа аҟынтә", - ҳәа азгәеиҭеит Вадим Ҳаразиа.

Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа иааз ахәыҷқәа ргәыԥ еиҳабацәас ирыцуп Аҭеиба Ердынџь, Ешба Шамил, насгьы ҩыџьа-хҩы аҭаацәа рганахь ала. Хымԥада, ахәыҷқәа агәыӷра рымоуп Аԥсны иахьааиз рыжәлантәқәеи, рашьцәеи дареи еибаԥшаап ҳәа.

"Агәыԥ иалоу ахәыҷқәа рыжәлақәа рахьтә иуԥылоит: Палаа, Ешаа, Бганаа, Махариаа, Инаԥшьба, Ҷанба, Ламиа, Ҳалуашь, Лазба, Қаԥшь, Жьиба, Бӷажәба, Агәмаа, Нарҭиа, Аӡынба, Аҩӡба, Цыгәба. Ахәыҷкәа анынаскьаҳгоз ргәырӷьара ҳәаак амамызт, агәра ганы ҳаҟоуп игәырӷьаҵәа ихынҳәыргьы, мышкызны рыԥсадгьыл гәакьахь ишыгьежьуа, избанзар агәыбылра амч ӷәӷәоуп", - иҳәеит Ҳаразиа.

Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа ԥсшьара ҳәа иааит 50-ҩык ҳџьынџьуаа хәыҷқәа

Ас еиԥш иҟаз апрограмма еиҿнакааит Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа Федерациеи, ҳџьынџьуаа рыԥсадгьыл ахь рырхынҳәразы Аԥсны аҳәынҭқарра аминистрреи. Акыраамҭа аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥган, азҵаарақәа зегьы ирылацәажәан, ишақәнагоу еиԥш иҳәаақәҵан.

"Аҳәарас иҳамоу, еиқәысыԥхьаӡаз агәыԥ иалоу аԥсуа жәлақәа Аԥсны ирацәоуп, ахәыҷқәеи дареи еибабар даара ибзиан. Ахәыҷқәа нхоит Аҟәа ақалақь, Алашарбага аҳабла, Гобечиа имҩаҿы иҟоу Низам Ҳапаҭ исасааирҭаҿы", - ҳәа азгәеиҭеит Вадим Ҳаразиа.

Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Вадим Ҳаразиа излаҳаиҳәаз ала, апрограммаҟны иазгәаҭоуп Аԥсынтәыла аҭоурыхтә ҭыԥқәа дырбара, аҭыԥ ԥшӡарақәа рахь рырныҟәара, аныҳәатә ҟазшьа змоу аиԥыларақәа рзеиҿкаара уҳәа аусмҩаԥгатәқәа маҷымкәа, иара убас, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Џьумка-иԥа Ҳаџьымбеи дареи реиԥылара. Апрограмма знапы иану, имҩаԥызго Беслан Андреи-иԥа Дбар напхгара зиҭо Аԥсны Аҳәынҭқарра арепатриациазы аминистрра ауп.

"Ҳауаажәлар рзы, ҳ-Аԥсынразы даара ихҭыс дууп ҳџьынџьуаа хәыҷқәа рыԥсадгьыл ахь рцара. Урҭ Аԥсны рыҟазаара, хымԥада, ихҭыс дуны иҟалашт аԥхьаҟа дара рыԥсҭазаараҟны", - ихәеит Вадим Ҳаразиа.

Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа ԥсшьара ҳәа иааит 50-ҩык ҳџьынџьуаа хәыҷқәа

Иазгәасҭарц сҭахуп, 2004 шықәса рзы, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь, раԥхьаӡа акәны Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа ԥсшьара иааз ахәыҷқәа рахьтә, иахьа ишыҟоу Аԥсны инхақәоу, аус зуа, уимоу аҭаацәарагьы иалалахьоу. Агәыӷра ыҟоуп, араҟа зӡыхьқәа ирҿыхәаз, Аԥснытәи аҳауа зфаз, зџьынџь дгьыл зшьапы ықәзыргылаз ахәыҷқәа рахьтә ишыҟало наунагӡа зыԥсадгьыл ахь нхара ихынҳәуагьы.