Аԥсны анаркотикатә маҭәашьар алазырҵәоз Украина атәылауаа ҩыџьа ырбаандаҩуп

Украина атәылауаа ҩыџьа, уаанӡа анаркотикатә маҭәашьар "метадон" аларҵәаразы иаанкылаз, ырбаандаҩуп.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 2 — Sputnik. Аҟәа ақалақь аӡбарҭа Марчук Мариеи Иаскевич Аннеи рганахь ала аӡбаҩ изыҳәа адгылара арҭеит. Уаанӡа арҭ аҩыџьа, анаркотикатә маҭәашьар "метадон" аларҵәаразы иаанкылан. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР аофициалтә саит.

Анаркотикатә маҭәашьар рылазырҵәо ашьра рықәҵара алагалоуп

Марчук Мариа Андреи-иԥҳа, 1992 шықәса рзы иизи Иаскевич Анна Игор-иԥҳа, 1986 шықәса рзы иизи рашәара 24 рзы аоперативтә информациа анагӡараан иаанкылан. Украина атәылауаа, Аԥсныҟа туристцәақәак рыҳасаб ала иааз ирыдбалан 23 грамм анаркотикатә маҭәашьар "метадон".

"Марчук Мариа Урыстәыла иахьаҵанакуа иаалхәеит нас Аԥсныҟа иаалгеит анаркотикатә маҭәашьар "метадон" аҭиразы. Марчуки Иаскевич Аннеи амаҭәашьар еихыршеит наҟ-наҟ аҭиразы" ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Аҳәсақәа рҩыџьагьы анааныркылоз анаркотик рыдкыланы иҟан.

Аҟәа ақалақь аӡбырҭа аӡбрала иаанкылоу ырбаандаҩуп. Аусҭҵаара –оперативтә уснагӡатәқәа ирыцҵоуп.