Арадио

Асабуаԥҳа: Аԥсны мрагыларатәи ахәҭахьы ицо аԥсшьаҩцәа сынтәа рхыԥхьаӡара иацлеит

Аекскурсиа амҩаԥгаҩ Есма Асабуа арадио Sputnik аефир аҟны илҳәеит ԥсшьара Аԥсныҟа иаауа ҳтәыла мрагыларатәи ахәҭахьы аныҟәарақәа алзхуа рхыԥхьаӡара иаҳа-иаҳа иацлоит ҳәа.
Sputnik
Асабуаԥҳа: Аԥсны мрагыларатәи ахәҭахьы ицо аԥсшьаҩцәа сынтәа рхыԥхьаӡара иацлеит

"Сара хышықәса инацны аус зуеит, убри аҟынтәи иаауа асасцәа рхыԥхьаӡара еиҿсырԥшыр сылшоит. Ҵыԥх аасҭа сынтәа еиҳауп аԥсшьаҩцәа, иахьныҟәаҳго аҭыԥқәагьы рхыԥхьаӡара иацлеит. Иаҳа ирацәаҩхеит Аҟармараҟа ицо, Очамчыра иҟоу ауахәамақәа рахьгьы иныҟәаҳгоит. Еиҳараӡакгьы аӡиа Риҵа ргәаԥхоит, Афон Ҿыц. Убасгьы аԥсшьаҩцәа атермалтә ӡқәа рахь иныҟәаҳго ҳалагеит, еиҳахеит Ҵабалҟа ихало, уахынла амшьамбақәа ргыланы аҭыԥ аҿы иаангыло атуристцәа рхыԥхьаӡара, ирацәаҩуп ахәыҷқәа зманы Аԥсныҟа ԥсшьара иаауа", - лҳәеит Асабуаԥҳа. 

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.