Аԥсны ахада Владимир Путин дидышшылеит амшынуаа ахьҭахаз инамаданы

Урыстәыла арбџьар-мшынтә флот иатәу аӡаҵаҟатәи аппарат аҿы ԥхынгәы 1 иҟалаз амцакра иахҟьаны иҭахеит 14-ҩык амшынуаа.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 3 – Sputnik. Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба иколлега Владимир Путин дидышшылеит аӡаҵаҟатәи амшынуаа рҭахара инадҳәаланы. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада иофициалтә саит.

"Аԥсны гәалсра дула ирыдыркылеит амшынуаа рҭахаразы ираҳаз аԥсӡы. Аҳәара ҟасҵоит иҭахаз амшынуаа рҭаацәеи ргәакьацәеи ҳрыдышшылоит", - аҳәоит адышшыларатә шәҟәаҿы.

Уаанӡа Урыстәыла ахада адышшыларатә шәҟәы изаарышьҭхьан Папа Римтәи, ЕАА Ацҳаражәҳәарҭа, Италиа аԥыза-министр.